text
stringlengths 0
400
|
---|
Нас ԥсыхәас иҟоузеи? |
Аҽырцәгьара иҽаназик, ҳәашьак ақәымкәа сыцәҳаит, уиала иҭыԥгьы дықәысцеит. |
Абри нахыс Стефан полиак бызшәала апатара далагеит. |
Абанҭ сыԥҳацәа роуп, реиҵбы дарбан, дысурбозар? |
Маҭыхә зегьы-зегьы зыхҭниҟьауаз уи агәылаԥҳәыс, ауаҩаԥшь лакәын. |
Иԥынҵеи, ицлымҳәеи, илахь азбжеи ҭакәаҳаны иҿаҳәоуп, ианԥдыртуагьы сыздыруам, иаԥшрахогьы Анцәа дақәиҭуп. |
Ашьхақәа сыхчнуп, сшьапқәа амшын иҭакуп |
Наԥҳа Кьагәа диқәгәыӷуан иара, асаӡқәа ахьынхоз Жәкаранӡа дахылаԥшрын ҳәа. |
Аиеи сыҷкәын, абасҵәҟьа ҟаиҵон. |
Дизгәышьуан. |
Бара, ари сара сгәы ирԥшааит, иббо?! |
Илақәа шаҟь-шаҟьо уи днаихәаԥшит Сандра. |
Ҳасани, Шәлимани, Мураҭ Агеи сзааргааит, иаарласны иааиааит. |
Изжәит. |
Ҳқыҭа иалганы амраҭашәарахь игаз амҩа гәыӷрақәа ҳарзыԥшын |
Алемсаа хьаҵны рҭыҩрақәа рахь рыҽхьаркхьан. |
Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иазку шәҟәык |
Уаҳа лак-ҩакрак ҟамҵакәа саби сареи уахь ҳҿынаҳхеит. |
Ибсырдыруамызт лакҭала Бзиа бшызбоз иҵәахны. |
Абар, шәазсырӡырҩуеит лыбжьы |
Аҵых иалԥраа, ихыхәхәала, шьха рҩашушәа ԥшаласк ӡсоит. |
Ус агәгәаҳәа абжьы аниаҳа, Сахсаган ашә ԥжәаны дыҩналеит. |
Шәара шәаара ҳауаажәлари ҳареи шаҟа ҳаигәырӷәаз жәбоит. |
Абра хыхь иҳәоу ахшыҩҵакқәа шьақәзырӷәӷәо акык-ҩбак аҿырԥштәқәа ааҳгап. |
Аихамҩа рхатәы економикала ирзышьақәыргыла-ӡомызт. |
Иахьыҩнагылаз аҭӡы азхәҭак, аԥенџьыр аган ахь ала, асаркьеиԥш иҩаганы уалԥшуа, иазылгәыгәны ишыҟазгьы аагәасҭеит. |
Аха сҽынахызга-аахызгақәоз, анахь, арахь аҽыцгақәа ԥшааны зус ҽеины иазыҟамыз, иназмыгӡоз иранеижьуамызт. |
Шьҭа ма сара, ма иара, уи абгыӡ! |
Егьирахь уара, ҳаклассаҿы иреиӷьыз ашәҟәыԥхьаҩ |
Дад, ҳаҷкәын, уеилагама, ус шԥаҟауҵои ҳәа шәышықәса ирҭысхьоу абыргцәа дырԥхашьаны даанаҳкылоит ҳәа ишалагозгьы, ржакьа ӡышқәа инацәақәа рыларԥа, аҟырҟырҳәа дырхыччан, аҟыгәҳәа илықәикшон, иаргәҵысҭаҵәҟьагьы мҵысӡакәа ихҿа рылишьуан. |
Аҵыхәтәаны иаҳарбаз ахәыҷқәа рахь иԥхьаӡатәуп зыхныҟәгашьа акыр иманшәалоу усны изыԥхьаӡо, даҽаӡә ииҳәо зхахьы иаазгарц зҭахым, насгьы зҭаацәа уи рацәак иҽеим акы акәны иԥхьаӡаны заа арҽеира рнапы ахьадмыркыз. |
Аимадара рзышьақәмыргылозу здыруада, ааигәа дшыҟамыз ларҳәон. |
Зны Абрыскьыл згәы дыҭнымҵәаӡоз, дызхамшҭыцыз ауаа цеит иҿыхразы жәаҩа гәыжьк реидара ацәашьи афатәи рыманы, урҭ аҳаԥы ианҭала ашьҭахь, арахь амшцәгьа ҟалеит, адыд-мцәыс бааԥсхеит, уаҩы ишимбац ақәацәгьа ауит. |
Иҩуан иара. |
Иумаҳаӡои иуасҳәаз? |
Аҳәынҭқарра еибаркуп закәанла, уи адунеитәи аҳәынҭқаррақәа зегьы иреиԥшу формоуп, аха Аԥсуа ҳәынҭқарра иацзароуп аԥсуа ихьӡи-ихьмыӡӷи. |
Лбызшәа лыздыруам, аԥсуа ҟазшьақәа рныҟәгара дазыманшәалаӡам, аха хылҵышьҭрала дшаԥсуоу лдыруеит! |
Азауад ахь, аӷәы ахьырхуа, ақыҭ дуқәа ахьеиҩырхуа. |
Ашацәа рашҭахь сныҵԥраап сгәахәуеит, цәаныррак ӡыӡымкуа сгәаҵаҿ ихыхәхәоит. |
Урҭ ахьтәоу амҩа шәақәымшәар ауеит. |
Аӡәы узлаиҳәарызеи акрысҿаҵа ҳәа. |
Атахҳәа урҭ аԥсыӡқәа ирысуан, ишрылшоз амцкласра иаҿын. |
Раԥхьа ҳацәгьамызт. |
Иҟалап, раԥхьаӡа ари адгьыл Аԥсны ахьӡызҵаз ауаҩы, хара даҟәыганы иагаз аӡәы иакәзар, уи иҳәозҭгьы сыԥсы ахьынхаз атәыла ҳәа |
Иазҳархар шԥоубари, Кыҷа? |
Абас еиԥш иҟоу ацәажәара уаха нахыс абра сыҩны исмаҳароуп! |
Лара илҳәомызт, аха ахәыҷқәа аҳәаха рибамҭо, рмамида лҭоурых рҳәет |
Ҿымҭӡо лыгәыӡра саҿуп, лыԥсы лшьоит уи сшьамхқәа рҿы. |
Насгьы абнахь инаскьацыԥхьаӡа, иаҳагьы абнагә аиуеит иара, иаҳа иџьбарахоит, усҟан иаҳагьы ашьра цәгьахоит. |
Ҳанхарҭақәа рҟны аӡынра аԥхара анеиԥҟьалак, акритика рызуа, афелетонқәа агазеҭ иананысҵалоз аасгәалашәеит |
Ари ахшыҩҵак ҳәаақәырҵоит |
Бызлагаз нагӡа, Ардилиа, сара стәымуаҩыбымшьан! |
Асҟаамҭа уахь данкылаӡ, ҳагәқәа ҭынчызма, ҵаны. |
Абри Аӡын Данаҟеи иеиԥш иҟоу афырхацәа роуп аԥсҭазаараҿы ажәлар рыламыс еиқәзырхо, аԥсадгьыл абзиабара ду шрылоу аус аҿгьы хеигӡара ҟамҵакәа иаазырԥшуа. |
Уаҳа ибмаҳаӡои?! |
Аҩыџьагьы ааигәы-дибаҳәҳәалеит. |
Рымҩақәа шхазыз изеилкаауамызт. |
Уи иакумзи, зегь раԥхьаӡагьы џьанаҭ дгьыл ахь ахыҵра ҳадзыԥхьалаз, Осман-Кои ҭыԥс иаҳзалызхызгьы. |
Баанҿас. |
Аха уажәы, ажәҩангьы аҵармақь аиԥш ианеиқәаҵәоу, амшынгьы аҭра иҭыҵны ианцо, анаҟәа жәпаҳаҳараӡа аҽахажьны ианыҟоу, амшын нырцә акәым, ҩажәа, ҩажәижәаба шьаҿа рнаҩсангьы акгьы убарҭам, ажәҩани амшыни ркалҭқәа уаԥхьаҵәҟьа еилалазшәа убла ихгылоит. |
Аиеи, баҳәшьа дбыкәыхшоуп, ҳабзиахоит, ҳаицхыраар! |
Арахь уԥшыр, иалаго зеиԥшроузеи игәӡоу, иџьаџьоу ҳәа уаҩ дазҵаауамызт. |
Ҳара ҳқыҭа иазыԥсахрым уара уқыҭа, уи ҳәарас иаҭахузеи, аха Амзаҿагьы зуцәымӷхарызеи? |
Мап, сыжәҩа иқәыршәуп. |
Абжьас уца |
Аха Захар симгәӡит. |
Уи усҟангьы иахьагьы зегьы алаф рылихуеит, аҵәы рылаиҵоит. |
Уи иибаз зегьы амца нақәижьын, алашара хара иубо иҟаиҵеит. |
Раԥхьа баб иқьалахь ҳнеип. |
Акы уацәымшәан сара сахьувагыло. |
Ҳаҽқәа ҳашьхәа ныдҳарбеит. |
Адунеи аҵыхәтәа ишазыԥшыз. |
Арԥарцәа азныказы иаалак-ҩакшәа иаанхан, аха, нас Жагәа ишьҭаланы ашацаҳәа ашә ахь рҿынархеит. |
Исылшаӡом. |
Ҭоумышь, Аҭара, Кәакәаа рхәы, Кәачара ахақәиҭтәра, Ануаа рхәы. |
Араҟа еиқәысыԥхьаӡаз амаҭәахәқәа-апоезиатә ҩымҭа зыргылоу Георги Кесиан ишәҟәаҿы иҟам, сҳәом, аха имаҷуп, насгьы ахархәара рымоуп иԥсыҽны, иҵегьы еиӷьзар игәылҭәаазар ауан |
Ушьҭоуп уара сҿаԥхьа уқыдбажәха. |
Нас даахьаҳәын, ауаа аџьџьаҳәа иахьеилаз апарк иаҵәара дыҵамлакәа, даваланы лҿыналхеит. |
Хәылԥы еҵәа ԥшьаала иҭашәеит, бжьыҟам, шьҭаҟам, аҵых лашьцоуп. |
Аҽыҩ, аҽы ццышә бзиа, аҽуаҩ амцхә аӷәра ауижьыр, ашша аӷраԥҽуеит. |
Мушьни имахәар нҭарс иааникылеит. |
Бара, Хыда ҳәа зсабҳәои? |
Адисциплина бзиа ибоит, данцәажәо амҵ ԥыруазар иуаҳауеит. |
Сшааиуаз исцәыхәлеит, сымҩахыҵыр сҭахын шәыҩныҟа, ҳәа длыҳәеит. |
Ус акәны Анцәа иҟаиҵааит. |
Аҷкәын лыссы дареизҳаон. |
Уи укаҳара ала, угылар ԥхьаҟа уцап. |
Шамахамзар ас ҳмеицәажәаӡацызт иареи сареи, гәылацәақәак раҳасабала аԥсышәак ааибаҳҳәон акәымзар. |
Уи илоуп ларгьы апартизанцәа дызларымадахаз. |
Уи ҳара иаабоит аинрал, наҳар уҳәа данрацәажәо. |
Убасҟан илызгәамҭаӡакәа ацәа дынҭанагалеит. |
Ауаа анасыԥ рзаанагоит, аиакутцәа уи иеицырзеиԥшыз тотемсгьы ирыԥхьаӡон. |
Аӡәызаҵәык уакәын, нан, сара исымаз, аха изаҵәыкхеит Аԥсынрагьы! |
Аха даҽазнык санеимса, шәара шәхарала ахьҭа сылалеит ауп. |
Сыхәда аҩнуҵҟа аԥаса ишыҟаз акәымкәа иаазқәылаз акалашәа аҽыҟанаҵеит. |
Уаҵәы абыржәааны уааир астатиа мазеины иҟалоит, амала, урысшәала акәу қырҭшәала акәу ишызыҩра? |
Иԥҳәыс лысалам шәҟәқәа рҿы иабжьалгоит иара дхәыдамхарц, маҭәа бзиак иԥыхьашәар илзышьҭихларц, аԥхын лхәыҷқәа лыманы иара иахь аԥсшьара дизаарц. |
Исылаӡамыз амҵахырхәара, сыблақәа ирхыҳәҳәыла ирхылеит. |
Урҭ зегьы ҳара ҳџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аазырԥшуа хәы змаӡам нҵамҭақәаны иҟоуп аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы. |
Избац уоуп ҳәа суқәгәыӷны, ашацаҳәа снеит уахьтәаз. |