Datasets:
id
stringlengths 3
5
| url
stringlengths 31
327
| title
stringlengths 1
51
| text
stringlengths 1
24.9k
|
---|---|---|---|
807 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%81%D1%83%D0%B0%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0 | Аԥсуа бызшәа | А́ԥсуа бызшәа́, аԥсшәа (, ) — Аԥсны ҳәынҭқарра бызшәас иамоуп. Ихалхно — 125 000 ҩык.
Аԥсуа бызшәа амш — жьҭаарамза 27.
Акодқәа
ISO 639-1:ab
ISO 639-2:abk
ISO 639-3:abk
Аԥсуа алфавит
Аграматика
Абжьыҟатә шьҭыбжьаҟәа
[ā] аа ← [ʕ]
[a] а
[ə] ы
[ø̞] ы ← [ə] ы (ажәа аԥхьа)
[ʏ] ы ← [ɥˤʏ] ҩы ← [ɥˤə] ҩы
[e̞] е ← [je̞] ие ← [ja] иа
[e̞] е ← [e̞j] еи ← [aj] аи
[i] и ← [əj] и
[i] и ← [jə] и
[o̞] о ← [wo̞] уо ← уа [wa] уа
[o̞] о ← [o̞w] оу ← ау [aw] ау
[u] у ← [əw] у / [wə] у
Аҵыбжьыҟатә шьҭыбжьаҟәа
Ацыбжьыҟақәа уԥылоит бзыԥтәи адиалект мцараҿ, аиеҵәа ԥшшәыла иазгәаҭо бзыԥтәи, асаӡтәи диалектқәа — аиаҵәала, абжьауатәи — ҟаԥшьыла.
Авелиартә фрикатақәа иреиԥшхаӡом ахархәара аҭыԥ зеиԥшро ала, авелиартәи ма аувелиартәи, иахьатәи аамҭаз бзыԥтәы адиалект аҿы ахархәара амоуп афрингалтә шьҭабжьқәа /χˁ χˁʷ/.
Ахәлымшәытә еидылара [ʔ] ицәырнагоит, актәи ахархәаратә феномен аҟынтә /q’/, аҩбатәи, иара убас иуԥылоит ажәаҿ /ʔaj/ «мап». /ɥ/ уи иахылҵуеит аҟырҟы еиҵалара /ʕʷ/, иара убас уи уаҳауеит анхарҭа ҭыԥқәакырҿ.
Афонологиатә қәиӷәӷәара аҵакы амоуп.
Аҩышьаԥҟарақәа
Азхьарԥшқәа
Аԥсуа интернет-библиотека
Корпус абхазского языка
Ахьарԥшқәа |
1040 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%9F%D3%99%D0%B0 | Аҟәа | А́ҟәа () — Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь. Аҟәа - Аԥсны аполитикеи, ааглыхреи, акультуреи, аҵаралашареи, аҭҵаарадырреи ирцентруп (ирыгәҭылсоуп). Уи ихадоу мҩа еилысырҭоуп. Аҟәа иҟоуп Аԥсны апорт хада. Аҟәа - Аԥсны агәы, аӡиасқәа Аӡаԥшьи, Баслеи, Кьалашәыри Амшын Еиқәа иахьалало аҭыԥ аҿы иҟоуп. Аҟәа алада Амшын Еиқәа Аҟәатәи агаҿеи аҩада ашьхақәа Самаҭхәа (Аҟәатәи ашьха), Ҳаҭхәа (Трапециа) уҳәа рынаара ибжьакуп.
Административ-территориалтә шара
Аҟәатәи араионқәа:
Ԥсҳәы
Иашыра (Ешыра)
Гәымсҭа
Иашҭхәа
Баслаҭа
Аԥра (Гәма хәыҷы)
Гәма
Ӡыгәҭа (Ӡыхәҭа)
Акаԥа
Кьалашәыр
Адемографиа
Аҟәа инхоит 62 914-ҩык (2011). Ахацәа – 44,2%, аҳәса – 55,8%. Аетникатә еилазаашьа: аԥсуаа – 67,3%, аурысцәа – 14,8%, аерманцәа – 9,8%, ақырҭцәа – 2,7%, аукраинцәа – 1,1%, абырзенцәа – 1,0%, агырцәа – 0,1%, ашәанцәа – 0,1%, егьырҭ амилаҭқәа – 3,1%.
Аҭоурых
Аҟәа - ижәытәӡатәиу Кавказтәи ақалақьқәа ируакуп. Раԥхьаӡа акәны араҟа ауаа рынхарҭақәа апалеолит аамҭақәа ирыҵаркуеит. 6-тәи ашә. ҳера ҟалаанӡа иахьатәи Аҟәа аҭыԥан ишьақәыргылан абырзенцәа рколониа Диоскуриада. Анаҩс араҟа ицәырҵит римтәи абаа Себастополис. 8-тәи ашә.инаркны Аҟәа Аԥсуа аҳраҿы инареиҳаз нхарҭа ҭыԥны иҟан. 13-15 ашәышықәсақәа раан Аҟәа агенуезқәа рколониа акәын, Сан-Себастиан ахьӡын. 16-тәи ашәышықәса инаркны 19-тәи ашәышықәса алагамҭа аҟынӡа ара иҟан аҭырқәцәа рбаа Сухум-қале. 19-тәи ашәышықәса алагамҭа инаркны, Лыхны инаваргыланы, Аҟәа аҳҭны қалақь ароль анагӡара иалагоит. 1877 шықәсазы аурыс-аҭырқәа еибашьраан Аҟәа хәаш-хәаша ирыбган.19-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Аҟәа аиҭашьақәыргылара нап аркын.
Аҟәа адгьылҵакыра зегьы даара ибеиоуп археологиатәи аҭоурыхтә-архитектуратәи баҟақәа рыла. Араҟа иҟоуп апалеолит аамҭа иаҵанакуа аанкыларҭақәа ҩба, ҳера ҟалаанӡа 3-1 азқьышықәсақәа ирыҵаркуа анхарҭа ҭыԥқәа рышьҭа-мышьҭақәа рацәаны, 2-тәи ашә. иаҵанакуа римтәи аԥшыхәырҭатә баашқәа 2., Баграт ишьхаҿы игылоу аҭоурыхтә-архитектуратә ҳәырԥсарра «Баграт иныхабаа» иаҵанакуеит 10-11 ашә. рзтәи ахырӷәӷәарҭа. Диоскураа рыгаҿа аҟны иҟоуп аҳәынҭқарратә архитектуратә-ҭоурыхтә музеи-ҳәырԥсарра «Аҟәатәи ахырӷәӷәаррҭа». Уи еиуеиԥшым ахәҭақәа рыргылара иаҵанакуеит 1-4, 11-13, 16-18 ашәышықәсақәа. Ақалақь мраҭашәаратәи аҿацә аҿы иҟоуп ақалақьргыларатә архитектура еиуоу, 1861 шықәсазы иргылаз Аҟәатәи алашарбага. Аҟәа аҭоурыхтә центр аҿы иҟоуп 19-тәи ашәышықәсеи -20-тәи ашәышықәса алагамҭеи ирыҵаркуа, ақалақь ауникалтә хаҿы аазырԥшуа архитектуратә баҟақәа 200.
Аҟәа аус руеит аиашахаҵаратә ныхақәа ҩба. Раԥхьатәи ақалақь агәҭан иргылан 1908-1915 шш. рзы, бырзен ныхак аҳасабала. Егьи, 1821 ш. рзы иргылаз Аԥшьа Гьаргь иныха ақалақь мрагыларатәи ахәҭа, апансионат «Аиҭар» аҵакырадгьыл аҿы иҟоуп. Ақалақь агәҭаҿы иара убасгьы иҟоуп акотоликатә костел (1908), алиутерантә кирха(1915), ауриатә синагога (1918), аԥсылмантә џьаама.
Агеографиа
Агеографиатә ҭыԥырбагақәа - 43°00’ с.ш. 41°00’ в.д. Аҟәа амраҭашәарахьтәи ахәҭаҿы иҟоуп Аҟәатәи аӡҭачы. Ацәаакыра змоу асубтропикатә ҳауа, аԥхын – ашоура ӷәӷәа, аӡын – ацәаакыра зцу аҳауа ԥха. Нанҳәазтәи абжьаратә шоура - +24, жьырныҳәазы - +5,7 °C. Бжьаратәла шықәсык ахьтә 1453 мм ақәа леиуеит. Мрагыларахь ала аҳҭны қалақь ҳәаас иамоуп ақ. Маҷара (Гәылрыԥшьтәи араион). Аҟәа аладатәи адгьылҵакыра аӡиас Кьалашәыр ала Амшын Еиқәа аҟынӡа инеиуеит. Егьырҭ аганқәа зегьы рыла ҳәаас иамоуп Аҟәатәи араион иаҵанакуа ақыҭақәа: мрагылараҿы – ақ.Гәмысҭа, аҩада-мраҭашәарахьынтә – ақ. Иашҭхәа, аҩадантә – ақ. Баслаҭа, аҩада-мрагыларахьтә – ақ. Ӡыгәҭа. Аҟәа иаҵанакуа Амшын Еиқәа агаҿатә цәаҳәа аура 12,5 км ыҟоуп. Ақалақь адгьылҵакыра – 21,0 км2 . Аҟәа – Аԥсны хаз игоу дгьылҵакыраны иԥхьаӡоуп. Уи Аҟәа араион иаҵанакӡом. Аԥсны иҟоу административтә-ҵакырадгьылқәа 8 рҟынтә Аҟәа уааԥсырала зегь иреиҳауп, аха ҵакырадгьылла зегьы иреиҵоуп. Аҟәа иҟоуп Аԥсны аҳәынҭқарратә напхгарақәа зегьы: Аԥсны Ахада инапхгара, Апарламент – Жәлар Реизара, аминистрцәа реилазаара, аминистррақәа, аусбарҭа хадақәа, Апрокуратура Хада, Иреиҳаӡоуи Аконституциатәи аӡбарҭақәа. Аҳҭнықалақь аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә хадарас иҟоуп ақалақь ахадара. Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭас иҟоуп Аҟәатәи ақалақьтә Еизара. Иара убас Аҟәа иҟоуп Аҟәатәи араион анапхгара.
Акультура
Аҟәа иахьа аус руеит Аԥсны аҳәынҭқарратә университет, Аҟәатәи Иаарту аинститут,Аҟәатәи аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа, А.Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа, А.Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, аколлеџьқәа 3; Аԥсуаҭҵаарадырратә Академиа, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаарадырратә институт, Аҟәатәи афизика-техникатә институт иара убас аҭҵаарадырратә институтқәа 8. Атеатрқәа - С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Ф.Искандер ихьӡ зху аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр, Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр. Амузеиқәа - Аԥсуа милаҭтә ҳәынҭқарратә музеи, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Ахьӡ-аԥша аибашьратә музеи, Д.И.Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи, Н.А.Лакоба ихьӡ зху аҭоурыхтә-мемориалтә музеи уҳәа егь.; Абиблиотекақәа – И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека, Аҿар рзы Аҳәынҭқарратә библиотека; Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа; Аԥсуа телехәаԥшра, Ахатәы телеканал «Абаза»; Азеиԥшҵарадырратә школқәа 17. Ацхырааратә школ; Латәара-латәарадатәи абжьаратә школ; К.Ф.Ӡиӡариа ихьӡ зху алицеи-интернат, ахатәы школ «Альфа». Ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәа 12; Ахәыҷтәы рҿиаратә Ҩны, Аҟәатәи ақәыԥшцәа рырҿиаратә Ҩны уҳәа егьырҭ аҵаратә усбарҭақәа.
Агәабзиареи аԥсшьареи
Аҟәа – атәыла агәабзиарахьчаратә гәыс иамоуп. Ара иҟоуп Аԥсны агәабзиарахьчаратә усбарҭақәа рӷьырак: Ареспубликатә хәышәтәырҭа, Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа, Онкологиатә центр, ацәатә-венерологиатә диспансер, ашьапықәыргыларатә хәышәтәырҭатә-баҩырҵәыратә диспансер, анаркологиатә диспансер, Аҟәатәи аклиникатә хәышәтәырҭа, Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа, ақалақтәи араионтәи аполиклиникақәа уҳәа егь.
Аҟәа курортә қалақьуп. Аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп 1927 ш. азы иаартыз еицырдыруа амаамынқәа рааӡарҭа, 1838 ш. рзы иаԥҵаз Аботаникатә баҳча, иара убас 19-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы аурыс меценат, анаплакҩы Н.Н.Смецкои иааиртыз адендопарк. Аҟәа аус руеит Аԥсны иҟоу апансионатқәеи асасааирҭақәеи реиҳарак.
Аԥсны ақалақьқәа
Аҳҭнықалақьқәа |
1044 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%81%D1%83%D0%B0%20%D0%B0%D0%BB%D1%84%D0%B0%D0%B2%D0%B8%D1%82 | Аԥсуа алфавит |
Аҭоурых
Иахьа 142 шықәса ҵит аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны жәла поет Дырмит Иасыф ԥа Гәлиа диижьҭеи. Раԥхьатәи аԥсуа алфавит, раԥхьатәи аԥсуа шәҟәы, раԥхьатәи аԥсуа газеҭ, раԥхьатәи аԥсуа театр. Абарҭ зегьы Дырмит Гәлиа ихьӡ иадҳәалоуп. Аԥсуа ҩыра ыҟанаҵы (уи иаанаго наунaгӡоуп) иҟазаауеит Дырмит Гәлиа ихьӡ. Иахьа зегьы ҳхырхәоит игәалашәара аҿаԥхьа.
Аԥсуа aлфaвит
Мачавариани и Гәлиа алфавит(1892)
Аԥсуа aлфaвит (1938–1953)
Аԥсуа клавиатура
Азхьарԥшқәа
Аԥсуа аклавиатура
Аԥсуа алфавит YouTube аҿы.
Алфавит, Аԥсуа
Алфавитқәа |
1046 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%93%D0%B0%D0%B3%D1%80%D0%B0 | Гагра | Га́гра (, ) — Аԥсны ақалақь. Ишьҭоуп Гaгрa aҿaцә иԥшәоу aмшын aҟәaрa aҟны, Гaргaтәи aҳрaкырa aлaдaтәи aкaлҭaлa. Гaгрaтәи aрaион aҵaкырaдгьыл 772,4кв. км иҟоуп. Қaрҭ инaркны Гaгрaнӡa 534 км бжьоуп, Аҟәa инaркны Гaгрaнӡa 90 км. бжьоуп.
Агеографиа
Гагра аҳәаақәа: аҩада — ашьхақәа, амрагыларахь — Мамзышьха, ақыҭа Псахара, алада — Амшын Еиқәа, амраҭашәарахь — Жәҩакәара аӡы.
Аҩрақәа рҿы иуԥылоит еиуеиԥшым авариантқәа.
Адемографиа
Атопонимика
1318 шықәсазы иҟаҵоу Петр Весконти ихсаалаҿы «Какара»ҳәа иарбоуп, 1494 шықәсазы Фредучи еиқәыршәаз ахсаалаҿы «Каккары»ҳәа, иара убас иуԥылоит аформақәа «Хокари», «Какур». Гагра иадҳәалоуп ҳәа ирԥхьаӡоит ахьыӡқәа: «Контози», «Баладаг», «Котош», ажәытәыӡатәи «Триглит», «Нитика».
Аҭыԥқәа
Гагра ақалақь иаҵанакуа аҳаблақәа, аҭыԥқәа:
Абааҭа — Жәакәаареи амшыни, Гагрыԥшьы рыбжьара, ажәытә баагьы еиқәханы иҟоуп;
Аӡхыда — аӡгьы, аҭыԥгьы, Гагра амрагыларатәи аҿацә, ԥаса ԥсахара иатәын;
Аӡыршә || Фонтан — Гагра авокзал аган азаправка ахьыҟоу, ԥаса ԥсахара иатәын;
Баладаг — уахәаԥш Гагра;
Гагра агәы — Ҩӡы нырцә-аарцә амшын аԥшаҳәа;
Гагрыԥшь — ҳаблоуп, Абааҭеи Гагра агәи рыбжьара;
Какара || Каккари — уахуаԥш Гагра;
Какур — уахәаԥш Гагра;
Контози — уахәаԥш Гагра;
Котош — уахәаԥш Гагра;
Нитика — уахәаԥш Гагра;
Триглит — уахәаԥш Гагра;
Хокари — уахәаԥш Гагра;
Фонтан — уахәаԥш Аӡыршә.
Алитература
Ахьарԥшқәа
Аԥсны ақалақьқәа |
1053 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%81%D0%BD%D1%8B%20%D0%90%D2%B3%D3%99%D1%8B%D0%BD%D2%AD%D2%9B%D0%B0%D1%80%D1%80%D0%B0 | Аԥсны Аҳәынҭқарра | Аԥсны Аҳәынҭқарра () — ҳәҭакла-зхаҵо аҳәынҭқарра Амшын Еиқәа алада-мрагыларатә ахықәаҿы шьҭоуп. Аԥсуаа ирыԥсадгьылуп. Аҩада-мраҭашәараҿы Аԥсныи Урыстәылеи, мрагылараҿы — Қырҭтәылеи аҳәаақәа иамоуп.
Аԥсны Ареспублика, Урыстәылатәи Афедерациеи (нанҳәамза 26, 2008), Никарагуеи (Цәыббрамза 5, 2008), Венесуелеи (Цәыббрамза 10, 2008), Науруи (ԥхынҷкәынмза 15, 2009), Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи (лаҵарамза 29, 2018) азхарҵеит.
Аԥсны бжь-ҭоурыхтә дгьылк (бжьиаҵәак аҳәынҭқарратә абираҟаҿы гәаларыршәоит) — Саӡен, ԥсҳәы-Аибга, Бзыԥын, Гәма, Абжьыуа, Дал-Ҵабал, Самырзаҟан-гьы — рмоуп.
Аҵанакы — .
Аҳәынҭқарра иаланхо — .
Ақалақьқәа
Ақалақь Аҟәа () Аԥсынтәыла иаҳҭнықалақьуп. Даҽа қалақьқәа: Гагра (), Гәдоуҭа (), Гал (), Тҟәарчал (), Очамчыра (), Афон Ҿыц ().
Адгьылхҩылaaрa
Аԥсны шьҭоуп Амшын Еиқәа ахықәан аӡиасқәа ԥсоуи Егри рыбжьара.
Административ-территориалтә шара
Аԥсны — унитар республика; 6 районар (араион) акатзава.
ақ. Аҟәеи бжь-раионки ыҟоуп:
Аԥсшәа аҳәынҭқарратә бызшәа ауп.
Агидрографиа
Аԥсны 120 ӡиас ыҟоуп, урҭ ааидкыланы раура 5000 км иреиҳауп. Аӡы ажәпара 0,6км/км² артәоит. Уи ажәпара еиҳауп ашьхараҿы акарсттә ӡқәа ахьыҟам ацәаҳәаҿы.
Аԥсны аӡиасқәа зегьы иреиҳауп аӡиас Кәыдри (аӡиас Сакьан налаҵаны) аӡиас Бзыԥи. Уи аура 129 км инаӡоит. Уи аӡы иҭоу ала Аԥсны аӡиасқәа рыҩныҵҟа актәи аҭыԥ ааннакылоит. Аӡы иҭоу ала Аԥсны аӡиасқәа рахьтә аҩбатәи аҭыԥ аннакылоит аӡиас Бзыԥ. Уи аура 110 км инаӡоит. Арҭ аҩ- ӡиаск рыӡҭачыра — 3540² км рыҵаркуеит. Ари Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыра зегьы аҟны 4,01 % артәоит.
50 км инадыркны 100 км рҟынӡа аура змоу аӡиасқәа ԥшьба ыҟоуп. 30 км инадыркны 50 км рҟынӡа аура змоу аӡиасқәа жәаба ыҟоуп. Еиҳа ирацәоуп 10 км инадыркны 30 км рҟынӡа аура змоу аӡиас маҷқәа. Ус иҟоу аӡиасқәа 66 ыҟоуп.
Аԥсны 186 ӡиа ыҟоуп. Урҭ реиҳарак ашьхаҳаракырақәа рҿы ишьҭоуп. Аӡиақәа рацәаны ишыҟоугьы, дара зегьы еилаҵаны рзеиԥш ҵакыра 5,23² км иреиҳаӡам, насгьы Аԥсны адгьылҵакыра зегьы аҟнытә 0,06 % роуп иааныркыло.
Аԥсны аӡиақәа зегьы ирылукаартә иҟоуп Риҵеи Дуи Амтҟьали. Риҵа Ду ақәыԥшылара 1км³ иреиҳауп, аӡиақәа Амтҟьали Бабасыри рҵакыра хаз-хазы – 0,5 ² км рҟынӡа ыҟоуп.
Аԥсны арелиеф иабзоураны аӡҟычрақәа иааныркыло аҭыԥ маҷуп. Акаршәрақәа рҿы урҭ еиҳа ирацәоуп алада-мрагыларатәи ацәаҳәаҿы. Анаҩс, аӡхықәқәа ирываршәны дгьылбжьахаланы иуԥылоит аӡиасқәа рықәқәа рҿы. Иара убас ашьхаҳаркырақәа рыҟны аӡы ацара ахьыуадаҩу аҭыԥқәа рыҟны.
Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ирацәоуп адгьылаҵаҟатәи аӡқәа. Урҭ зегьы еиԥшӡам ахимиатәи агазтәи еилазаашьала, аминералтә шьақәгылашьалеи аԥхарреи рыла, еикәшашьалеи, хыхь иҟоу аӡқәеи дареи реимадашьалеи, лшарақәас ирымоу рыла. Аԥсны аӡаҵаҟатәи аӡқәа рыла абеиара зыбызоуроу ари аҭыԥ аҿы иҟоу агеологиатә еилазаашьеи агемоморфологиатә ҷыдарақәеи инарықәыршәаны азеиԥш гидродинамикатә ҭагылазаашьа бзиа ауп.
Аҵиаа
Аԥсны ҵиаала абеиареи аиԥшымзаареи арелиеф аиԥшымзаареи, алитологиатә еилазаареи, аҳауеи, анышәи роуп изыбзоуроу. Зыда ыҟам аԥсуа фауна атәы аҳәоит арҭ аҭыԥқәа мацара ирҷыдаҟазшьоу 82 ҵиаа хкы. Иааизакны, 2000 хкы рҟынӡа аҵиаа. Аԥсны афлора, еиҳаракгьы, акарсттә цәаҳәаҟны иуԥыло, Аҩадатәи адгьылкәымпылбжа зегьы аҿы иуникалтәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аԥсны адгьылҵакыра абжеиҳарак бнарала ихҟьан. Абнала ихҟьоу адгьылҵакыра 493,6 нызқь га артәоит. Аԥсны абнарақәа рыҟны 180 инарзынаԥшуа аҵла-чықьтә хкқәеи 50 ҵла хкқәеи ыҟоуп.
Аҵла — чықьтә хкқәаны иҟоуп авитаминзлыҵуа, афатәзлыҵуа, ацыхәтәқәа, арҩычагақәа, ахәшәтәыгатәқәа, амзашатәқәа, анышәрӷәӷәагақәа, ацхазлыҵуа, аефирхәшәатәқәа, акаучуктәқәа, ашьақарҵлақәа, атанидозлыҵуа, арҵәыгатәқәа. Еиҳа ирацәоуп: ашә, аԥса, ахьа, аџь, ашыц, ал, ахьаца. Раԥхьа амшын қәыԥшылараҟнытә 600 м ахьыбжьоу аҳаракыраҟынӡа ирызҳауеит ал, ахьаца, ахьа, ашә уҳәа рыла ишьақәгылоу иеилаԥсоу абӷьыбнақәа. Аҩада, 1600 м рҟынӡа иуԥылоит ашә-ахьатә бнақәа, иҵегьы ҩадаҟа 1800-2000 м рҟынӡа аҳаракырақәа рҿы агәырбӷьыҵлабнақәа, еиҳа ирацәоуп абнаԥсара.
Аԥстәқәа иҟоу
Аԥсны иаҷыдаҟазшьоу афауна альпиатәи ацәаҳәаҟны иуԥылоит. Ароуп иахьыҟоу Кавказ иҟоу афауна ахкы аиҳарак: кавказтәи абӷаџьма (Carpacaucasica, кавказтәи адәҳәынаԥ (Microtusnivalis), Прометеи иҳәынаԥ Prometheomysschaposchnikowi), кавказтәи ашьа пықамсеи (Lyrurusmlocosiewieczi) акаԥкаԥи (Tetragalluscaucasicus).
Аԥсны адгьылҵакыра иалсны ицоит Евро-Азиатәи аконтинент иатәу аԥсаатә рмиграциатә мҩа ду. Ара иҟоу 294 ԥсаатә хкы ашәҟәы иҭаҩуп. Урҭ ирылоуп, шамахамзар, иуԥымло ахкқәа реиԥш аӡра иаҿугьы: ашьхауарба, ашьшьыга, амамырџагә еиқәаҵәа, ашьауардын-саԥсан, аҵырҟьа цәаԥшь, амшынҟыз, аӡыцәа шкәакәа ду уҳәа уб. егь.).
Агыгшәыгқәа рахьтә иҟоуп кавказтәи амшә еиқәаҵәа, абгалаџ, абга, абгахәыҷы, адәыҭәҳәа, абнацгәы, абнацыӷи ахаҳә цыӷи, аԥшӡеи, аашьышьи, аԥслыи).
Ашәарах рахьтә иуԥылоит кавказтәи абӷаџьма, европатәи абынҽа, ашьабсҭа, ақәасаб. Лассы-ласс иуԥылоит абынҳәа.
Аԥсны хыԥхьаӡара рацәала иҟоу аҳаԥқәа ҽыцәҵәахырҭас ирымоуп ахәылԥҵысқәа. Урҭ 21 хкы рҟынӡа ыҟоуп ҳәа азгәаҭоуп. Аҳаԥқәа ирҭоу афауна еиҳарак абӷа змам аԥстәқәа роуп. Еиҳа ижәытәӡоу аҳаԥқәа рҿы иуԥылоит зыда ыҟам аԥстәы хкқәа. Убас, Афонҿыцтәи аҳаԥы иамоуп троглокарис (Troglocarisschmidtiifajei) захьӡу амшынԥстәы, аҳаԥы бжы (Janeilusgloriosus).
Агерпетофаунаҟнытә иалкаатәуп ара иуԥыло (Viperakaznakowi) кавказтәи амаҭ дуи амшынбжьааратә акәуеи (Testudograeca), аҽаҩрадаӷь цәыши. Аҵыхәтәантәи, аҽаҩрадаӷь цәыш, иара иҟоу ахкқәа зегьы иреиҳау ахкқәа рахь иаҵанакуеит.
Аԥсны Амшын еиқәа еиҳа иаҷыдаҟзшьоу афауна аҟнытә аԥсыӡқәа рахь иԥхьаӡоуп: афранџь (Salmotrutta), ақьаԥыр, ашәиаҟ, амлагәыр, агәыҵаԥшь, ақамашьиа (аҷыҷмаса); адельфин ганшкәакәақәа, азовтәи, афалина; амедузақәа — аурелиа, корнерот, ризостома; амолиускақәа — амиди, венус, кардиум, рапана уб. иҵ. Зынӡа Амшын еиқәа иҭоуп 160 ԥсыӡ хкы.
Аԥсны ашьха рҩашқәа акалмаҳа (Salmotrutta) рацәаны ирымоуп. Амшынҿықәтәи акаршәрақәа рыҟны апҟызратә ӡиақәа ирымоуп апҟаз, аткәицар.
Азхьарԥшқәа
«100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада. Official site (ab, ru, en, tr)
Немецкие эксперты: Грузия не станет обращаться в Международный суд в Гааге_DEUTSCHE WELLE
Саакашвили подписал закон об оккупированных территориях // Civil Georgia, Тбилиси / 31 Oct.2008
Азгәаҭақәа
Аԥсны
Европатәи атәылақәа
Ареспубликақәа |
1056 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%93%D3%99%D0%B4%D0%BE%D1%83%D2%AD%D0%B0 | Гәдоуҭа | Гəдо́уҭа (, ) — Аԥсны иҟоу ақалақь. Қaлaқьны ишьaқәгылеит 1926 шықәсaзы. Амшынеиқәа aдәқәa рҟны ишьҭоуп, aӡиaс Гәдоу aҟны. Қaрҭ инaркны Гәдоуҭa aҟнынӡa 487 км. бжьоуп, Аҟәaнӡa 43 км. бжьоуп. Арaион aҵaкырaдгьыл 1640 кв. км. ыҟоуп.
Азгәаҭақәа
Аԥсны ақалақьқәа
Аԥсны ақалақьқәа-фырхаҵа |
1058 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%84%D0%BE%D0%BD%20%D2%BE%D1%8B%D1%86 | Афон Ҿыц | Афо́н Ҿыц, Ԥсы́рӡха (, , ) — Аԥсны иҟоу ақалақь. Афон ҿыц қaлaқьны ишьaқәгылт 1987 шықәсaзы. Ақaлaқь шьҭоуп aмшынеиқәa aҟәaреи, уи иaзaaигәоу aшьхaқәa aлaдaтәи aкaлҭa aҟны. Анхaҩцәa 4,3 нызқь уaa ыҟоуп (1989 ш.), Аҟәа aҟнынӡa 18 км. бжьоуп, Қaрҭынӡa 423 км бжьоуп.
Иаланхо
Иаланхо .
Амилаҭтә еилазаара
Аԥсуаа, ашәамахьцәа, аурысқәа уҳәа убас егьырҭгьы.
Абара
Аԥсны ақалақьқәа
Гәдоуҭа араион |
1059 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9E%D1%87%D0%B0%D0%BC%D1%87%D1%8B%D1%80%D0%B0 | Очамчыра | Очамчыра (, ) — Аԥсны иҟоу ақалақь.
Очамчыра араион ақыҭақәа (ажәытә ҳәаақәа)
Агәыбедиа (аԥсуаа)
Аӡҩыбжьа (аԥсуаа)
Араду (аԥсуаа)
Аракьаҽы (аерманцәа)
Арасаӡыхь (аԥсуаа)
Аҭара-Аԥсуа (аԥсуаа)
Аҭара-Аерман (аерманцәа)
Ахәри (аԥсуаа)
Баслахә (аԥсуаа)
Гәыԥ (аԥсуаа)
Ӷәада (аԥсуаа)
Елыр (аԥсуаа)
Кындыӷ (аԥсуаа)
Кәачира (аԥсуаа)
Кәтол (аԥсуаа)
Лабра (аерманцәа)
Маркәыла (аԥсуаа)
Мықә (аԥсуаа)
Ԥақәашь (аԥсуаа)
Река (аԥсуаа)
Тамшь (аԥсуаа)
Тҟәарчал (аԥсуаа)
Ҭхьына (аԥсуаа)
Уатаԥ (аԥсуаа)
Чабырхәа (Цхьенҵҟар) (аԥсуаа)
Ҷлоу (аԥсуаа)
Џьал (аԥсуаа)
Џьгьарда (аԥсуаа)
Аԥсны ақалақьқәа |
1062 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D0%B0%D0%B3%D0%B0%D4%A5%D1%88%D1%8C%2C%20%D0%A1%D0%B5%D1%80%D0%B3%D0%B5%D0%B8%20%D0%A3%D0%B0%D1%81%D0%B8%D0%BB-%D0%B8%D4%A5%D0%B0 | Багаԥшь, Сергеи Уасил-иԥа | Серге́и Уаси́л-иԥа́ Бага́ԥшь (; , Аҟәа — , Москва, Урыстәыла) — Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада (2005-2011 шш).
Абиографиа
Заатәи ашықәсқәа
Диит хәажәкырамза 4 1949 шықәсазы Аҟәа ақалақь Уасили Шушанеи рҭаацәараҿы. Уи иаб иабду амҳаџьырра зыхганы иааз дреиуан. Ихьӡын Раџьаԥ. Иара Ҭырқтәылатәи Аԥсныҟа дхынҳәит XX ашәышықәса алагамҭаз. Иабду ихьӡын Саид. Уи иҭаацәеи иареи 1928 шықәсазы нхара диасуеит џбынџьла иахьатәу Џьгьарда ақыҭа Очамчыра араион.
10 тәи Ашьхарыуаа рышкол даналга ашьҭахь дҭалоит Қарҭтәи ақыҭанхаҩтә асубтропикатә институт аограном изанааҭ ала. Уи аҵара бзианы иҵон, убри инамаданы аусгьы иуан, аԥхьа аус иуан аҩыҟаҵарҭатә завод аҿы. Нас аус иуан аҳәынҭқарратә банкаҿ инкосатырс. Истудентә ԥсҭазаараҿ бзиа ибон аспорт, дыҟан капитанс Аԥсны еидкылаз амҵәышәмпыл асраҿы.
1972 ш. Москватәи ақыҭанхамҩатә аҟәша аефирхәшат совынхара еиҳабыс. 1973-1974 шш. рзы дахысит аррамаҵура. Уи далган данаа ашьҭахь дҟаҵан Аԥснытәи абком акомҿар рымҩақәҵаҩ еиҳабыс.
Ипартиатә усура
1978 ш. Сергеи Багаԥшь дҟаҵан еиҳабыс Қырҭтәылатәи аинформациатә сектор аҿы, иара убас уи инадҳәалан дҟаҵан аҿар рқыҭанхамҩатә усуҩ еиҳабыс.
1980 ш. дыҟан Қырҭтәыла ВЛКС Аԥснытәи аобком маӡаныҟәгаҩс.
1982 ш. Сергеи Багаԥшь дахаргылан Очамчыратәи РК Қырҭтәыла КП актәи амаӡаныҟәгаҩыс.
1989 ш. далахәын Аԥсны имҩаԥысуаз аилыхара. Уи аилыхараҿ иоуит ахәара. Уи аилыхара дахьылахәыз азы имхын ипартиатә маҵура.
1989-1991 шш. дыҟан Аԥсны Аҳәынҭқарратә АССР агроаалыхратә аилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩс.
СССР анеилаҳаз
1992 ш. С. Багаԥшь дҟаҵан Совмин 1 тәи ихаҭыԥуаҩ ихантәаҩыс. 1992-1993 шш. ақырҭуа-аԥсуа реидыслараҿ актәи амшаз Аҟәа иалахаз аԥсуа ҭаацәара рхәҷқәеи дареи ралгара дацхрааит. Уи имҩаԥигон аиҿцәажәара ақырҭуеи-аԥсуеи реидыслараҿ. Иара убас уи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан Аҟәеи Қарҭи ақалақьқәа рҿы. Раԥхьатәи аидысларақәа рҿы С. Багаԥшь ихы зызкыз ижәлар ишахәҭаз џьаԥҳанылеи, амедикамент маҭәахәқәеи, абылтәи рыла реиқәыршәара акәын. Уи имҩаԥигон аиҿкааратә усқәа мраҭашәаратәи Урыстәылеи Нхыҵ-Кавкази хатәгәаԥхарала иааз рыбжьара. Изныкымкәа далахәын ақырҭуеи-аԥсуеи реидыслара аиныршәараҿ.
Аибашьра ашьҭахь аминисторцәа рсовет аилазаареи 1 тәи ихаҭыԥуаҩ ахантәаҩыс Аԥснынтәи дышьҭын Москваҟа, Урыстәылатәи аҳәынҭқарреи Аԥсны аицхыраара рыбжьалараҿ аиқәшаҳаҭрақәа мҩаԥигон, иара убас уа иҟаз аԥсуаа рыцхырааразы.
1995 ш. В. Арӡынба идҵала иара дҟаҵан Аԥсны Ахәынҭқарра 1 тәи ипремиер ихаҭыԥуаҩс.
Аԥсны Аҳәынҭқарра данахагылаз
2004 шықәсазы Аԥсны еиҿкаахеит зегь реиҳа иӷәӷәаз аоппозициа. Иеҿкааз аоппозициа усҟаитәи аамҭаз рҽеидыркәлеит аԥсуа политикцәа С. Багаԥшь А. Анқәаб, иара убас урҭ ирдгылеит азеиԥш-политикатә партиақәа „Амцахара“ „Аԥсны акзаареи“.
Аԥсны ахада иалыхраҿ 2004 ш. В. Арӡынба ишьҭрамдаҩс дҟаиҵоит Р. Ҳаџьынба, аоппозици аҟынтәи дқәдырӷылеит С. Баӷаԥшь.
Уи икандидатуратә планаҿ хықәкы хадас иман итәылаҿ иҟаз авторитаризмра аԥыхра, 11 шықәса инеиԥынкыланы иҟаз.
2001 ш. жьҭаарамӡа 3 рзы имҩаԥгаз абжьыҭырақәарҿы 50,06% аиҳара иманы ажәлар далырхуеит С. Баӷаԥшь. Аха усҟантәи аамҭаз атәлаҿ иҟалоит аибарххара змаз аҭагылазаашьа. Актәи ахада В. Арӡинбеи иара ишьҭрамдаҩи Р. Ҳаџьынба мап ацәыркуеит атәылаҿ имҩаԥгаз абжьыҭирақәа рлыҵшәа азхаҵара. Уи инашьҭарххан Аԥсны иреиҳау аӡбарала ицбан аҩынтәраан абжьыҭырақәа атәылаҿ рымҩаԥгара. Урыстәлатәи абжьаҟазаҩцәа рыӡбарала еизааибаганы 2004 ш. жьҭаарамза 3 рзы имҩаԥгаз абжьыҭырақәа рлыҵшәа аԥыхын. Ирыдкылан азакәан аҩынтәраантәи абжьыҭирақәа. Имҩаԥган ажьырныҳәамза 12 2005 шықәсазы. Аха усҟан иҟалаз аҭагылазаашьа аҭышәантәаларыз иӡбан аҩџьагь акандидатцәа еидгыланы еиҵцарц. С. Багаԥшь Аԥсны ахада иаҳасабала, Р. Ҳаџьынба уи ихаҭыԥуаҩс.
Ҿыцны ишьақәыргылаз абжьыҭира Багаԥшьи Ҳаџьынбеи ртандем иаиоуит абыжьқәа рацәаны. Аԥсны алхратә центыр ишышьақәнаргыло ала, абжьыҭираҿ рҽаладрхәеит 75719 ауааԥсыра, иара иапонент Иакуб Лакоба - 3549. Жәабранымза 12 2005 ш-зы иҟалеит С. Багаԥшь иинаугурациа.
2006 ш-зы ифакттәу аҳәааҿы Қырҭәылеи Аԥсни рыбжьара аҭагылазаашьа аҽазнык иуадаҩхеит. Ԥхынгәымза 25 2006 ш. аиҳабыраҿагылара иҟаҵаз арзаҳал ашьҭахь Емзар Квициани Қырҭтәылатәи аполициеи иалагеит Кәдрытәи Аҩхаа хыхьтәи ахәҭа Чхалҭа ҳәа иахьашьҭаз Аԥсны иалцаз анкьатәи ахадара Қырҭәыла иҟоу уахь рнагара хыркәшан ԥхынгәымза 27 2007 ш-зы.
С. Багаԥшь бзиа ибон ирацәаны аҭаҭынхара, аха аамҭа цацыԥхьаӡа игәамбзиара ианымԥшыр залымшеит. 2007 ш-зы мшаԥымзазы Аԥсны ахада ахәышәтырҭахь дышьҭаҵан иоуз ахьаа иахҟьаны. Адырҩаҽны уи дԥыруеит Москваҟа, иҽыхәышәтәра уа иациҵарац Багаԥшь аԥхьа ихәыԥшит Росдрав акардиологиатә наука ҭҵааратә хәышәтәырҭа, уахьынтәи диаган ихадоу аклиникатә хәышәтәырҭахь, Урыстәыла Афедерациа напхгара ахьазиуаз. Абри зегь рышьҭахь Багаԥшь дызхәышәтәуз рдҵақәа рыла икаижьыр акәхоит бзиа иибоз аҭанынхара.
Цәыббрамза 20 2007 ш-зы гәыԥҩык ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Тҟәарчал араион иҟаз арра зхызгоз асолдаҭцәа ргәыԥ иақәлеит, иара убри ашықәсан жьҭаарамза 30 СНГ аҭынчрашьақәыргыларатә бжьаҟазаратә мчқәа ақырҭуа полициеи, иара убас урҭ раҵкыс џьарла еибыҭаз Қырҭтәыла аспецнази ирықыланы рабџьар рымырхуеит. 2008 шықәса алагамҭаз Қырҭтәылатәи ар Аԥсны аҳәаа иазааигәаны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Урҭ уахьынтәи лассы-лассы Аԥсны атерриториа иахаԥраауа иалагеит аҳаирыпланқәа аԥырҩы дзықәтәам. Хәажәкырамза 18 мшаԥымза 20 рзы Аԥсны ашәарҭадара ацәаҳәа ааигәара икажьын ԥырҩыда иԥыруаз аҳаирыпланқәа. 2008 ш-зы ԥхынгәымза 25 рзы С. Багаԥшь официал визитла дцоит Москваҟа, урҭ уа Урыстәыла ахадеи иареи ирыцәалажәон Аԥсны ихьыԥшу ҳәынҭқарран азхаҵара. Ари ажәабжь ираҳаз ақырҭуа ҳәынҭқарра иаразнак иҽим анеготивтә реакциа рнаҭеит.
2008 ш-зы Аахыҵ Уаԥстәыла иҟаз аидыслара ӷәӷәаан С. Багаԥшь дыҟан Аԥсны ихадоу абџьаршьҭыхратә мчы дахаданы. Ари аибашьраҿ Аԥсны имҩаԥнагон Аахыҵ Уаԥстәылаҿ аганахь ала аибашьратә хырхарҭа, Қырҭтәылатәи ар абжа аганахь инаган. Ари ажәылараҿ нанҳәамза 9-12 нӡа Аԥсны ишьаԥнаргылеит Кәыдры аҩхаа атериториа зегьы ахылаԥшра аманы. Уи Қырҭтәылатәи аполициеи, иара убас Аԥсны иалцоу анкьатәи ахадара ахаҭарнакцәеи рҟынтәи ихы иақәиҭтәын.
Д. Медведеви, Едуард Какоиты, С. Багаԥшьи, Кремль реиԥылара
С. Багаԥшь инапы иаҵаиҩуеит ф-принципк аҭышәантәалараз.
Нанҳәамза 14 2008 ш-зы Д. Медведеви, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Е. Какоитеи реиԥылараҿ инапы аҵеиҩит ф-принципк Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи, иара убас ақырҭуа-аԥсуеи реидыслара аҭышәантәалара, заа Медведеви Саркози аус здырулахьаз.
2008 ш-зы нанҳәамза 21 Аԥсны апарламент ахадара аҳәара ҟанаҵоит УФ Апрезидент иахь, иара убас уи аҳәара ҟанаҵоит Урыстәыла Афедерациа адума ашҟа Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаразы. Нанҳәамза 25 Афедерациа ахадара УФ иара убас Аҳәынҭқарра адума УФ еицҿакны ирыдыркылоит Урыстәыла ахада Аԥсны азхаҵаразы иҟаиҵаз алагала. Нанҳәамза 26 Урыстәыла ахада Дмитри Медведев инапы аҵаиҩуеит аусԥҟа, «Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверинитету ихьыԥшымны иҟазарц», уи иӡбоит адипломаттә аиҩызареи аус еицуреи, ацхыраареи аиқәшаҳаҭра рыбжьазарц. 2008 ш-зы цәыббрамза 4 Аԥсны ахьыԥшымра иаиоуз иазханаҵоит Никарагуа, уи аамышьԥихь жьҭаарамза 10 2009 ш-зы Аԥсны ахьыԥшыра азханҵоит Венесуела атәыла.
2009 ш-зы ԥхынҷкәынмза 12 Аԥсны иҟалеит аҩыбатәи абжьҭира, аҽазнык С. Багаԥшь аиааира иганахь иҟалоит. 2010 ш-зы жәабранмза 12 уи идикылоит аиногурациа.
2010-2011 шш.-рзы С. Багаԥшь хықәкыла дазҿлымҳан Аԥсны жәларбжьаратәи аҳәынҭқаррақәа иазхарҵац 2010 ш-зы уи дырҭааит атәылақәа Урыстәыла, Куба, Венесуела, Никарагуа, уи урҭ рыбжьара имҩаԥигон аиҿцәажәарақәа.
Ичымазареи иԥсҭазаара алҵреи
Мшаԥымзы 2011 ш-зы С. Багаԥшь Ҭырқтәыла иҟоу адиаспора рааԥхьарала дцоит хатәы визитла. Уи аҽны Ҭырқәтәылатәи Аҳәаанырцәтәи Аусқәа рминистрра иҟанаҵеит алаҳәарақәа уи иаара игәамбзиара ишадҳәалаз. Лаҵарамза 21 Багаԥшь Урыстәылатәи Франциатәи аспециалистра Москватәи аклиникатә хәышәтәырҭаҿ №83 дышҭан. Уи игәамбзиара аҭагылазаашьа иҟаз ала, ишьақәаргылан Аԥсны ахада ирыԥҳа акиба шамаз.
Лаҵарамза 27 ауха Аԥсны ахада Багаԥшь игәабзиара зынӡа ицәгьахоит. Уи ацхыраара ӷәӷәа шимазгьы, ичымазара дзазымиааикәа лаҵарамза 29 2011 ш-зы идунеи иԥсахуеит.
Иԥсыжра
2011 ш-зы лаҵарамза 30 Москва Урыстәыла абџьаршьҭыхратәи мчы акультуратә центыр аҿы имҩаԥысит атәылауаҩратә панахида, аҵыхәтәантәи инаскьагараз даҭааит Урыстәыла Федерациа Ахада Дмитри Медведев. Уи аҽны ауха Аҟәатәи аҳаирапланла Урыстәыла МЧС С. Багаԥшь иԥсыбаҩ ааган иԥсадгьылахь.
С. Багаԥшь уи нахыс рашәарамза 2 рзы аҵыхәтәантәи имҩаԥгара мҩаԥысуан Аҟәа дахьынхоз иҩны. Аԥсы дихаԥхьон Аԥснытәи аиашахаҵаратә уахәама амаӡаниҟәгаҩ аиреи Виссарион Аԥлиа. Уи ашьҭахь аԥсы диаргоит Аԥснытәи афилармониа ахан ахь, уа аҵыхәтәантәи инаскьагараҿ абзиараз ҳәа иарҳәарц иааит Аҩадатәи Кавказ ареспубликақәа делегациа, ахәҭак-ахьала иазхаҵоу Мраҭашәартәи Уаԥстәыла, иара убас иазхаҵам атәылақәа Нагорни Карабах, Преднестровиа ахаҭарнакцәа, Урыстәыла аделегациеи, иара убас Урыстәыла ацхаражәҳәаҩ аусзуцәа, иара убас аҵыхәтәантәи инаскьагараҿ дыҟан Урыстәыла аԥыза-министр В. Путин.
С. Багаԥшь дызҭаз акәыба Аԥсны Ахьчаратә Министрра почиотла лафетла Аҟәа амҩа иқәсит. Уи ашьҭахь С. Багаԥшь иԥсы ргоит иқыҭа гәакьахь Џьгьарда, уа анышә дамардоит иани иаби анышә иахьамадоу рааигәара.
Иҭаацәара
Иԥшәма — Марина Григори-иԥҳа Шьониа, дақырҭуоуп, дҳақьымуп, Гал араион датәуп, занааҭла дхәышәтәҩуп;
Иԥа — Зураб, дмалырҳаҩуп;
Иԥҳа — Лиана, дҳақьымуп. Имоуп амаҭаацәа;
Иусура ахәшара
Ԥыҭҩык Аԥсни Урыстәылеи реиԥш, иара убас Аладагьы С. Багаԥшь ихцәажәон «акомпромисқәа дрызҟазан», еиҳа аҭагылазаашьа аныцәгьаз иара илшон зегьы ргәы нақәшәоз аҟазшьа аԥшаара аҩнкагьы ирнаалоз. Ари зегь реиҳа ихадаран ареспубликаз уи Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара адагьы, уи еиҳа ихадаран атәыла аҩныҵҟа иҟаз аҭагылазаашьа бааԥс аан. Иара Аԥсны хадас даныҟаз далагеит азҵаара аӡбара Урыстәыла атәылауаҩ ареспублика аҩнуҵҟа рҭагалара, иара убас Аԥсны атуризм ашьақәргылара, иара иаан акриминалтә ҭагылазаашьа атәыла аҩнуҵҟа ихысхахо иалагеит. Зегь реиҳа ихадараз урыстәылеи дареи ирыбжьаарҵаз адипломаттәи аекономикеи рганахьала ирыбжьалаз аус еицура. Багаԥшь Ҟырҭтәылеи дареи реизыҟазаашьаҿ иџьбарара иԥсахуамызт, аха Қырҭтәыла ахадара есааира ирыман даҽа гәаанахарак. Уи агәыӷра ақырҭуа наԥхгара ирымаз изыбзоураз иара Қырҭтәыла ССР акомсомол анаԥхгараҿ рус еицура акәын. Убри инадхәалан Багаԥшь иман агәаанагара ибзиоу аиҩызара рыбжьалараҵ ртәылеи дареи, аха уи ҟалон, урҭ Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵар.
С. Багаԥшь идҳәалоуп апериод Аԥсны аҭагылазаашьа аҭышәантәалара. Арӡынба иаамышҭахь атәыла даҭахын. Аԥсны усҟантәи аамҭаз даҭахын изҭагылаз аҭагылазаашьа бааԥс иҭынчроу аҭышәантәаларахь ииазгоз. С. Багаԥшь, иара зегь реиҳа еиӷьны дазнеит азҵаара азбараз.
Багаԥшь ижәлар рҿы аҳаҭыр ду иман, уи дивардыгылон В. Арӡынба. Даныԥсы ашҭахь еиунԥшьым аусҳәарҭақәарқәа рҿы исахьа зныз апотрети ашәҭ шьҵәрақәеи ықәгылан. Зегь реиҳа ахархәара аман раԥхьатәи Аԥсны ахада В. Арӡынбеи иареи 2005 ш-ры. еицтырхыз афото.
Алитература
Е. Бебиа, «Путь мудрости и мужества», 2019
Азхьарԥшқәа
Сергеи Багаԥшь. Аофициалтә саит
Азгәаҭақәа
1949 шықәсазы ииз
Хәажәкырамза 4 рзы ииз
2011 шықәсазы иԥсыз
Лаҵарамза 29 рзы иԥсыз
02
Аԥсны аԥыза-министрцәа
Аԥсны аполитикцәа
Багаԥшьаа |
1635 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BD%D2%9B%D3%99%D0%B0%D0%B1%2C%20%D0%90%D0%BB%D0%B5%D0%BA%D1%81%D0%B0%D0%BD%D0%B4%D1%80%20%D0%97%D0%BE%D0%BB%D0%BE%D1%82%D0%B8%D0%BD%D1%81%D0%BA%D0%B0-%D0%B8%D4%A5%D0%B0 | Анқәаб, Александр Золотинска-иԥа | Александр Золотинска-иԥа Анқәаб (; , Аҟәа, Аԥсны АССР, СССР) — Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза Министроуп. Иара 1952 шықәса 26 ԥхынҷкәынмза диит Аԥсны, Аҟәа. Ростовтәи Ауниверситет аҿы аҵара иҵеит. Нас аус иуеит рмаҵура уаҩыс Комсомол азын.
Абиографиа
Александр Золотинска-иԥа Анқәаб диит 1952 ш. ԥхынҷкәымза 26 рзы Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭа, амилиционер иҭаацәараҿ. Уи аҭаацәараҿ иара дреиҳабын.
Ихыҿратәи иқәыԥшратәи ашықысқәа ихигеит аҳҭнықалақь Аҟәа. Дилгоит Аҟәатәи №16 тәи ашкол. 1970 ш-рзы дҭалоит Ростовтәи Аҳәынҭқарратә университет аиуристә факультет. Аха иҭаацәартә ҭагылаазшьа иахҟьаны иҵара алгара аҿҳәараамҭа аанӡа далгар акәхоит. 1974 ш-рзы иоднокурскцәа раԥхьа аԥышәарақәа қәҿиарала иҭиуеит.
1975 ш иԥсадгьыл ахь даныхынхәлак Аԥснытәы аболостә комитет акомсомолтә абжьгаҩс дҟалоит Аԥснытәи АССР аминистерратә азиндыараҿ. Ԥыҭрак ашьҭахь дыиаргоит Қырҭтәыла ЛКСМ аоблосттә акомитет ахь, уи дыҟан амҩақәаҵаҩ имаҵураҿы насшәа дҟаҵан аҟәша еиҳабыс.
Уи ашьҭахь уи далхын Гәдоуҭа араион ЛКСМ маӡаныҟәгаҩыс.
1978 ш-рзы А. Анқәаб дҟаҵан РОВД амаҵура еиҳабыс.
Усҟантәи аамҭаз иара иқәԥшқәаз амаӡааныҟәгаҩцәа дыруаӡәкын. Иара иаамҭаз РОВД еиҳабыс даныҟаз еиҿкаан ахор. 1979 ш-рзы иреиӷьыз араион аколективтә хорқәа иреиуахеит.
1981 шықәса инаркны 1983 ш-нӡа, А. Анқәаб аус иуан Қырҭтәылатәи ССР ЦК акомпартиа еиуеиԥшым административтә усҳәарҭақәарҿ. 1984 шықәсарзы дҟаҵан Қырҭтәыла ССР аҩныҵҟатәи аусқәа аминистыр ихаҭыԥуаҩс.
1990 ш-зы лаҵарамзаз Қырҭтәылеи-Аԥсны рыҩныҵҟа иҟалаз аҭагылазаашьа иахҟьаны иҩеит арапорт. Уи ашьҭахь диасуеит Аҟәаҟа. Уи ашықәсан уаҳа џьаргьы аус иуӡамызт. Уи иажәақәа рыла ишиҳәоз изхара иуацәеи иҩзцәеи ибеит.
1991 ш-рзы А. Анқәаб далхын Аԥсны иреиҳаӡоу Асовет депутатыс. 1992 ш-рзы дҟаиҵан Аԥсны иреиҳаӡоу Асовет аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистырс. Ари инаԥхгара ҿыцаҿ иҟалеит аигәҭасра усҟантәи аамҭаз наԥхьара азызуаз Гиви Ломинаӡе иареи рыбжьара. Уи иҟаиҵеит адҵара Анқәаб иаҭара зыршаҳаҭхаша Қарҭынтәи иааигарцаз. Уи ашықәсан лаҵарамза 24 рзы Аҟәатәи аҩныҟатәи аусқәа рхан аанкылан Аԥснытәи аҩныҵҟатәи ар В. Арӡынба наԥхгара зиҭоз рыла. А. Анқәаб убри ашықәсан Аԥсны аҩныҵҟатәи Министрс дшьақәырӷәӷәан. Аха аҵыхытәан Анқәаб иажәақәа рыла иара еиқәархеит Қырҭтәы аҩныҵҟатәи аминистрра анаԥхгареи иареи ирибжьаз аиҩзаратә еизыҟазаашьа. Маҷӡакгьы игәы еихьнашьуан уи Министырра инеира абас иаҳыҟьалаз.
1992 ш-зы нанхәамзазы, Қырҭтәыла архәҭақәа Аԥсны ианалала Аԥсны анаԥхгара В. Арӡынба напхгара ззиуаз Гәдоуҭа ақалақь ахь имиасыр ԥсыхәа амоуит. Аха А. Анқәаби С. Багаԥшьи урҭ аанкылеит Аҟәа ақалақь Қырҭтәыла анаԥхгареи дареи имҩаԥыргарц аиҿцәажәара аибашьра аанкылараз. Аха цәыббрамза алагамҭаз аиҿцәажәара апроцесс аибашьра аанкылара иара даҟәыхны, ихаҭыԥан дҟаҵан С. Шамба, уи анаҩсан аҩнуҵҟатәи аминистрра анаԥхгара аусдҵас иахылаԥшыр акәын атҟәацәа наҟ-ааҟ ирымаз реиҭныԥсахра азҵаара. Ҟырҭтәыла анҭыҵтәи аԥшыхәра ахада Автондил Иоселиани иажәақәа рҿы иазгәаиҭахьан, аибашьра аамҭаз Аԥсны Қырҭтәылеи рыбжьара иҟаз аидыслара ихҟьаны аҩ-ганкгьы ирымаз аҭҟәацәа А. Анқәаб ибзоурала имаҷҩым еиқәдырхаз аԥсуеи ақырҭқәеи рыбжара. Уи ихьон:
А. Анқәаб 2011 ш-рзы ирылеиҳәаз адырраҿ 1992-1993 ш-рзы Аԥсны аибашьра аамҭаз, ицоз 431 мшы, аҩ-ганкгьы иалахәын 12-нызықьҩык ауааԥсыра, урҭ рахьынтәи иҭахеит 2700 инареиҳаны, 5-нызықьҩык инархыҳәҳәо ироуит ахәрақәа, 200 ауааԥсыра хабарда ибжьаӡыз ирхыԥхьаӡалоуп.
Цәыббрамза 27 1993 ш. Аҟәа ахақәыҭраан Аԥснытәи амчратә еилазаара Қырҭтәыла анаԥхгара усҟантәи аамҭаз Аҟәа иалахаз 17-ҩык ршәарҭадара рзеиқәмырхеит. Убри инархиҟьаны 1993 ш-рзы абҵараамза 8 рзы Анқәаб аҩныҵҟатәи аминистыр имаҵура аҟынтә ихы дақәиҭын.
1994 ш. Анқәаб иҭаацәа иманы диасуеит Москваҟа анхара. Ирласны уа дҟалоит афирма «Инексбезопасности» аиҳабы ицхырааҩс, уи ашьҭахь еиуиԥшым абизнес усхкқәа дырҿын. Иара есааира дрылахәын ацхырааратә проектқәа. Уи ԥарала дрыцхраауан аԥсуа кәашаратәи ахори аколлективқәа. Анқәаб ицхыраарала Москва иҭыҵит ҩ-томк иҟаз аԥсуа поезиа иадҳәалаз ашәҟәы. Иара убас уи дрыцхрааит ԥыҭҩык аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рышәҟәқәа рҭыжьраҿ. Усҟантәи аамҭаз Аԥсны аҭагылаӡаашьа економикала имариамызт. Акыр ихьысҳан ашколқәа рҭагылазаашьа. Уи ибзоурала, ихатә харџь ахшәааны ишьақәыргылан иқыҭа гәакьа Хәаԥтәи абжьаратә школ. 1999 ш. ахәаԥшцәа изларбоз ала иара иакәхон В. Арӡынба аҳәынҭқарратә бжьыҭыраҿ иҿагылоз. Аха иалагалаз аценз аҭыԥинтәалара иахҟьаны уи икандидатура изықәыргылаӡом.
Иубилеи аҽны, ԥхынҷкәымза 26 рзы Анқәаб имаз ахәылԥаз мап ацәеикуеит. Москва ажурналистцәа дырзаԥхьоит акыраамҭа ицоз алекциа Аԥсны аполитикатә ҭагылаазашьа иҟаз иахҟьаны. Ажурналистцәа руаӡк игәалашәараҿ излазгәеиҭоз ала, уи аҽны иааҟәымҵӡақәа иасуаз имабилтә ҭел дагьазхьаԥшуамызт. Уи аҭак ҟаиҵеиз знык Урыстәыла апремиа зҽаԥсазтәыз аопера артист Хьыбла Гьерзмаа.
2003 ш-рзы А. Анқәаб дхынҳәуеит иԥсадгьыл ахь. Ара дахьааиз еиҿикаауеит усҟантәи аамҭа ихадараз азеиԥш-политикатә партиа «Аиҭаира» ҳәа хыс изауз. Аԥсны иҟалараны иҟаз абжьыҭирақәа Анқәаб иӡбеит ихатәы кандидатура ықәиргыларц. Абжьыҭыратә компаниаан уи диқәыз боит усҟантәи аамҭаз Аԥсны ипрезидентыз В. Арӡынба. Ишаазгәеиҭаз ала уи иҵакыреи иареи иашахәҭоу рус нарыгӡаӡом, атәылаҿ ишахәҭоу акорупциа ахы иақәиҭуп. Уи ишазгәеиҭаз ала Аԥсны аконституциеи Урыстәыла аконституциеи еизааигәаны ахатә закәан аманы иҟаларц. Цәыббрамзаз Анқәаб икандидатура абжьытира центраҿ мап ацәкын. Уи ҽыҵгас иҟарҵон акыршықәса итәылаҿ дахьнымхоз, иара убас уи абызшәа шидыруа аԥышәара мап ахьацәикыз, аха иҿыдоу алингвистә центра акомиссиа алахәылацәа иазхарҵеит абызшәа бзианы ишидыруа. Анқәаб абжьыҭираҿ икандидатура мап анацкха ашьтахь, апартиа «Аиҭаира» идгылоз ииасуеит С. Багаԥшь икандидатурахь. Анеҩсан абжьыҭирақәарҿ иара игоит аиааира, аха арҭ абжьыҭиираҿ иигаз ааиаира мап ацәкы ииашаӡам ҳәа. Ажьырныҳәамзазы 2005-ш-рзы имҩаԥгаз аҩбатәи абжьыҭирақәа рҿы аиааира агеит атандем, Аԥсны ахадас далхын С. Багаԥшь, Р. Хаџьынба далхын уи ихаҭыԥаҩс.
2005 ш-рзы жәабранмза 12 С. Багаԥшь икәгылараҿ ирылаҳәан Анқәаб премиер-министрс дшалху. Ари амаҵураҿы уи еиҳарак хықәкыра ззиуаз Аԥсны аҩныҵҟатәи аҭагылазаашьа акәын. Зегь раԥхьа иргылан уи хықәкыра ззиуа Аԥсны аекономика акәын, усҟантәи аамҭаз акыр даара ихьысҳаз. 2005 ш-рзы ԥхынҷкәынмза 7 рзы ЕАА Қырҭтәылеи рыцҳаражәҳәҩ Џьон Таффоти иареи реиԥылараҿ иҳәан атәыла абиудџьет ишамоу 644 миллион мааҭ, уи еиҳарак изызкыз ахьчареи аҩныҵҟатәи аҭахрақәи ракәын, иара убас ацитрустә експорт акыр имаҷхеит 110 нызықь тонн иҟаз илаҟәит 35 тонн рҟынӡа. Аԥсны иамаз аинфраструктура ихырбгалан аибашьраан, ма иумыхәо иажәын. Даара акыр ихьысҳан Аԥсны амуниципалтә ҭагылаазшьа, рҭагылазаашьа цәгьан афымцамҩгагақәеи. Урыстәылантәи аинвестициа атәыла иалалоз маҷк 60 миллион доллар инахыҳәон.
2008 шықәса алагамҭаз А. Анқәаб инапхгарала напаркын инарҭбаау ареконструкциатә усхкы Афон ҿыцтәи аманахҩны ашьақәыргылараз. Уи ишахәҭаз зегь рыла иргылан, амш цәгьақәа ирыхҟьаны аӡы иаҵалоз аанкылан.
Усҟантәи аамҭаз еиҿкааз апартиа «Аиҭаира» имчыдан, уи абжьыҭираан иарбаз апунктқәа акагьы азынамыгӡеит, уи аҳәамҭала изхҟьаз апартиа «Аиҭаира» иахьҳәынҭқарратәымыз ауп. Аԥсны аҳәынҭқар иалыхраан «Иаку Аԥсны» апартиа Анқәаб дықәнаргылеит апрезидент ихаҭыԥуаҩс, С. Багаԥшь президентс. Атандем иаиут 60% абыжьқәа актәи атураҿ, 2010 жәабранымза 15 инаркны Александр Золотинск-иԥа дыҟан Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩс. С. Багаԥшьи С. Шамбеи реиԥш Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Анқәаб Урыстәыла аҳәынҭқарра аҟынтәи имаӡамызт адгылара, аха зегь дарароуп иара имаз ажәлар рҟынтәи адгылара иахҟьаны илшеит С. Шамба ахԥатәи аҭыԥахь инаскьагара.
2011 шықәсазы лаҵарамза 21 азы Аԥсны ахада С. Багаԥшь иауз ачымазара бааԥс иахҟьаны аамҭала иара иакәын ахада иусқәа назыгӡоз. 2011 ш-зы лаҵарамза 29 рзы Аԥсны ахада иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ԥхынгәымза 29 рҟынӡа инаигӡон Аԥсны ахада аусқәа. Нас Аԥсны изаамҭанымкәа иҟалоз ажьыҭирақәа нанҳәамза 26 рза 2011 ш-рзы А. Анқәаб акандидатура ахьықәиргылоз аҟын, Аԥсны ахада иусқәа аамҭала ииасуеит Жәлар реизара аиҳабы Нугзар Ашәба иахь.
Ԥхынгәымза 25 рзы 2011 ш-рзы Аԥсны алхратә центртә комиссиа ашәҟәы иҭарҩит Анқәаб икандидатура Аԥсны аҳәынҭқарра иҭыԥан, уи ихаҭыԥуаҩс ашәҟәы дҭаҩын Гәлрыԥшь араион ахада усҟантәи аамҭаз Михаил Логуа. Алхратә штаб напхгаҩыс дҟаҵан Леонид Лакербаи. Анқәаб Аԥсны ахада иалхраҿ деиканҩуан асоциал демократиатә партиа ахада Сергеи Шамба, уи ихаҭыԥуаҩс шамиль Аӡынба, иара убас икандидатура ықәгылан аоппозициатә партиа «Жәлар ракзаара афорум» ахада Р. Ҳаџьынба. Уи ихаҭыԥҩас дцон Светлана Џьергениа.
А. Анқәаб икандидатура ықәызыргылаз апартиақәа «Аиҭаира», «Аԥсны акзаара» раамышьҭахь иоут иара убас адгылар Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шш. аветеранцәа рхеилак «Амцахара» рҟынтәи. Иара убас Аԥсны иҟоу аурыс хеилаки, Аԥсны аҿар рфорум ахеилаки иҟарҵеит адгылара Анқәаб икандидатураз. Нанҳәамза 26 рзы иҟаз абжьыҭыраҿы уи иоуит 54,96% абжьқәа, 72% алхыҩцәа рхы аладырхәит.
Цәыббрамза 26 рзы идикылеит иҳәынҭқарра аҿаԥхьа аҭоуба. Анқәаб Аԥсны ахадарахь даннеи ирылеиҳәеит уи иаҭыԥуаҩ иҟоу иус еиҳа армариара, ма Аԥсны зынӡа ипарламент ҳәынҭқарран аҟаҵара. Уи Аԥсны ахадараҿ дыҟанаҵ изныкымкәа Урыстәыла ахадеи иареи еиԥылахьан. Иара убас иман аиԥылара Қырҭтәыла иҟоу Чехиатәи аҵҳаратәҳәаҩи иареи.
Лаҵарамза 24 рзы 2013 ш. Урыстәылатәи агәыҳалалратә форум аҿы А. Анқәаб аҳәара ҟаиҵоит Москватәи апатриарх ишҟа, Аԥснытәи анцәахаҵаратә уахәамақәеи, Аԥснытәи аепископи хылаԥшра азиурц, избанзар усҟантәи Қырҭтәылатәи анҵәахаҵаратә уахәамеи, иара убас ирыбжьаз адоуҳатә культуреи дареи иахьа ирымаӡам аимадара. Уи ала иара агәра ганы дыҟан Аԥсны анцәа хаҵара ауахәамақәа ирыбжьаз аиҿагылара аԥыххоит ҳәа, аха ари аԥшьгара иҟаиҵаз иазаамырԥшит алыҵшәа.
Жьҭараамза 29 рзы Анқәаб аԥхьатәара дишьҭуеит Аԥсны ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Станислав Лакоба. С. Лакоба ихаҭа иԥхьатәара дақәшаҳаҭымхеит, уи Аԥсны ахада ахара идиҵоит амчра импыҵаирхалеит ҳәа. Аполитикцәа рыбжьара иҟалаз аидыслара еиҳарак изыхҟьаз Гал араион анхаҩцәа, ақырҭуа милаҭ змоу ауааԥсыра аформа №9 ихьыԥсаххьаз Аԥсны атәлауаҩ ипаспорт ала. Жәабранымза 7 2014 ш-рзы Аԥсны ахада А. Анқәаб иҽалаирхәит Шәача иҟаз аӡынтәи аолимпиадтә хәмаррақәа раартра ацеремониа. Иара иаҳәарала Аԥсны иасасцәан аолимпиада иалахәызи асасцәеи. Иара убас Аԥсны ахада еиҿкаарала Шәача аолимпиадатә комплексқәа рыргылараан Аԥснынтәи иашьҭуан аинерттә ргыларатә маҭәахәқәа. Аԥсны аҳәаа ахьчара нахь ала атәыла амчратә шәарҭадаратә структура инаҳараку ахылаԥшра арҭеит.
Мшаԥымза инаркны нанҳәамзанӡа 2014 ш-зы Аԥсны аҩныҵҟа иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩхеит, уи инахырҟьаны лаҵарамза 27 инаркны рашәарамза 1 иҟалеит ажәлар реизара. Урҭ ирымаз агәамҵра икылнагеит аҳәынҭқарратә амчхара ахан аанкыларахь. Амитынгаҿы еизаз рықәгылараҿ еиҳарак иазгәарҭоз апунтқәа иреиуан изакәанымқәа ақырҭуа милаҭ Аԥсны атәылауаҩ ипаспорт иҭара, урыстәылатәи афинанстә цхыраара иҟарҵаз дара даҽа ус ахь аиагара, иара убас Аԥсны авторитартә напхгара аманы аҟалара. Аԥхьа Анқәаб аиҿцәажәара мҩаԥыгон агәынамӡаҩцәеи иареи урҭ мчыла иааныркылаз аҳәынҭқарратә хан аҩныҵҟа, уи аиҿцәажәара алыҵшәа шамоуаз аниба ашьҭахь, иара убас ажәлар еиҿанамгаларц азыҳәан, диасуеит Урыстәылатәи арратә база Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟаз. Иара уа ирыцҵахоит аиҿцәажәара аоппозициа алахәылацәеи апарламент алахәылацәеи иареи. Ари аиҿцәажәараҿ рхы аладырхәит Урыстәыла аҳәынҭқарра Афедерациа ашәарҭадара асовет ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви Урыстәыла аҳәынҭқар ицхырааҩ Владислав Суркови.
Аха арҭ аиҿцәажәарақәа лыҵшәадахеит. А. Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадара нижьыр акәхоит.
Рашәарамза 1 2014 ш-рзы Аԥсны ахада Анқәаби иара ицыз икамандеи иареи ирылаҳәан ԥхьатәара ишцаз. Иара убас рус аҟынтәи рхы иақәиҭын Аԥсны х-раионк ахадара, иара убас ихы дақәиҭы аҳәынҭқарра апрокурор хада. Аҩыганкгьы ирымаз ачҳара ибзоураны, наҟ-ааҟы абџьар матәа шрымазгьы, ашәарҭадараҭә еилазаара азин шрымазгьы закәанла иалхыз ахада изин ахьчара, уи азин риимҭаӡеит ажәлар рахь ахысра. Нанҳәамза 24 2014 ш-рзы иазгәаҭан абжьыҭира, арҭ абжьыҭырақәарҿ аԥхьахә игеит аоппозициа аԥхьагыла Рауль Ҳаџьымба.
Анқәаб ԥхьатәара данцаз ашьҭахь, иааиз Аԥсны амчра ҿыц, уи изин имирхит аҳәынҭқарратә хьчара, убри нахырҟьаны Москваҟа нхара диасыр акәхоит. Уи уахьынтәи Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа анырра аиҭон. 2014 ш-рзы Аԥсны иҟоу абжьыҭираҿ дидгылеит аинрал-моиор Аслан Бжьаниа.
Ԥахьатәи Аԥсны ахада иԥхьатәара ашьҭахь ауаа рахь дцәырҵит ԥхынгәымза 31 2014 ш-рзы, уи даҭааит «форум-холле» алхра аламҭалаз Бжьаниеи, аурыс уажәларреи, аԥсуа диаспореи реиқәшәараҿ.
Аԥсны ахада иалхраҿ Анқәаб дзыдгылоз Бжьаниа икандидатура аҩбатәи аҭыԥ аанакылеит, 14 нызықь бжьыла Р. Ҳаџьымба диеиҵахеит.
2015 ш-згы Анқәаб иҭагылазаашьа ихҟьаны нхарҭа ҭыԥс иман Москва.
2017 ш-рзы жәабранмзазы аԥшьгаратә гәыԥ еиҿнакааз аҿцьәажәараҿ иӡбан Аԥсны Ареспублика қалақь Ӷәдоуҭа алхратә ҭыԥ №18 жәлар еизаратә депутатс иқәыргилара. Анқәаб Аԥсныҟа дхынҳәны еиҿикааит алхратә гәыԥ. Уи иқәгылараҿы иоуит адгылара Аџьынџьтәылатә еибашра 1992-1993 шш. аветеранцәа рпартиа «Амцахара» аҟынтә, иара убас «Аԥра» иаанарԥшит адгылара. Урҭ рықәгыларҿ иазгәарҭеит ирымаз агәынамӡара, иазыруит акритика «Аԥсны жәлар ракӡаара афорум» апартиа. Росбалт аналитикцәа ишырыԥхьаӡо ала иҟоу аҭагылазаашьаҿ, еиҳараҩык аелекторатцәа Аԥсны ахада Рауль Хаџьымба иалыхраан ииҳәаз ажәлар рҿаԥхьа азыбжакгьы ахьизынамыгӡаз иахҟьаны ианизхьаҳә, Анқәаб аҽазнык аполитикаҿ ицәырҵра акраҵанакуеит 2019 ш-зы иҟалараны иҟоу абжьыҭирақәарҿ. Аха убри аамҭаз Аԥсны аконституциа ишазыԥҵәоу ала қәрала даццаӡом. Азиеи Кавкази ихадоу аинститут мрагыларатәи Урыстәылатәи анаука академиа аусура агәыԥ аиҿкааҩ Александр Скаков ишазгәеиҭаз ала Анқәаб макьана акрызҵазкәа анырра иҟаиҵаз аԥсуа политиказ аҳәара изаацәоуп.
Анқәаб Аԥсны апарламентахь далхын, уи иоуит 52% абжьқәа инареиҳаны.
Анқәаб Аҳәынҭқарра ахадараҿ дыҟанаҵ фынтә ишьра рҽазыркхьан. Ԥшьынтә-аԥыза-министрс даныҟаз, знык-знык ахада ихаҭыԥуаҩс даныҟази данхадази. Уи иоухьан ҩынтә ахәра, иҭархан ҩыџьа дзыхьчози. Иара убас Аԥсны хадас дыҟанаҵ хынтә ишьразы аплан ҟарҵахьан, аха уи рус рзынамыгӡеит. Раԥхьатәи аиакәым рҽазкра иҟаҵаз аекспертцәеи аполитикцәеи ишиазгәарҭаз ала иалкаан Анқәаб иахь иршыхамаз, урҭ хықәкыс ирыман Аҳәынҭқарра аҭыгылазаашьа аҭышәынтәалара аилаҩнтра акәын. Аха анаҩстәқәа Аԥсны ахада ишьра аҽазкра аекспертцәа ишазгәаҭраз ала уизыхҟьаз еиҳарак Анқәаб дзгирхкьоз уи имҩаԥигоз акриминал атәыла аҩныҵҟа иҟаз аанкылара дахьазықәԥоз акәын.
Ари ашьауӷатә лыҵшәа аԥшааран, иԥшаан ацәгьаҟаҵаҩецәа ргәыԥ 2007 ш-зы 2012 ш. Аԥсны ахада А. Анқәаб ишьра зҽазыкқәаз. Иара убас атеррористә гәыԥ «Иамарат Кавказ» аиҿкаацәа. Рыжәаҩкри ашьауӷа аус ала ирԥшааз ахара рыдҵан, урҭ рахьынтә аинрал-маиор Асланбеи Кчач иакәын, уи икраан ихала иҽишьуеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор хада еигьырҭ иалахәыз ацәгьауцәа ахара рыднаҵоит ԥсраҽнынӡа итакзаарц.
Ари аус аҿы ихадоу амалрҳаҩ Павел Арӡынба иоуп ҳәа иԥхьаӡан ԥхь. Ԥхынҷкәынымза 13 2017 ш-зы Аҩдатәи Ишыра ақыҭа иишақәргылам хаҭарала дшьын Павел Арӡынба. Абанда аиҿкаанцәа руаҵк Р. Барцыц иахьа уажәраанцәа дыхықоуп ихаҭара шақәргылаӡам.
Анқәаб аамҭак ала дыҟоуп Аԥсни Уристәылеи дыртәылауҩны. Урыстәыла атәылауҩа ихаҭарнак иаҳасибала изныкымкәа абжьыҭырақәа рҿы ихы рылаирхәуан. Уи дадгилоит Урыстәылеи Аԥсны реизааигәатәара, аурыс бызшәа афициал статус аманы иҟазарц, убри аамҭаз уи даҿагылоит ақырҭуа бызшәа Аԥсны уи абызшәа анкьатәи иамаз астатус амамзарц, ибри аамҭаз Гал араион ақырҭуа милаҭ шынхогьы хьаас имкыкәа. Иара убас Анқәаб иполитикатә усураҿ дыдгылоит Қырҭтәылеи Аԥсны еизеиҟараны азакәанқәа рымазарц, хаз-хазы еиҟәыҭханы иҟазарц ҩ-ҳәынҭқарракны.
Анқәаб иара убас даҿагалоит Қырҭтәыла ахҵәаҩцәа Аԥсныҟа рыхынҳәара, Гал араион иаланхоз ауааԥсыра рымацара ада. Аха иазгәаҭатәу уи иаамҭаз, Аԥсны хадас даныҟаз, Аԥсы инхо ақырҭуа милаҭқәа згьы ириҭан Аԥсны атәылуаҩра зыршаҳаҭуа ашәҟәы. Анқәаб иаамҭа, уи еиуеиԥшым аҭыԥқәа ананыкылоз, иара Аԥсны данахадазгьы, дарбан уаҩзаалакгьы азын иман аҭел изасра, ихадоу усзар ихаҭа дидикылар алшон.
Хәажәкырамза 16 2014 ш-зы Крим имҩаԥнагаз ареферендум Урыстәыла алаларазы, уи иазгәыҭоит Аԥсны даара аҳаҭыр шақәнаҵо, иагьадгылоит уа иаланхо ажәлар иҟарҵаз алхраҿ.
Анқәаб даара бзиа ибоит аспорт, Қырҭтәыла данынхоз уи абнатә ҳәақәа рзышәарыцара дханагалан даман.
Иԥшәма — Рымма Васил-иԥҳа Лакоба, милаҭла даԥсуоуп, абиологиатә наука дакандидатуп. ирымоуп ҩыџьа ахшара: Александр (1983 ш), Инал (1994 ш).
Иԥа Александр — амидиаторцәа разыҟаҵара аексперттә центр, аҳәынҭқарратә — зинтә дисциплина акафедра адоцент Урыстәлатәы жәларатә нхамҩа ракадемиа убас Урыстәыла Афедерациа ахада аҳәынҭқарратә шәарҭадара аҟны, иара убас аиуристә наука акандидат.
Иара ара аҩыза ахьӡ иоуит Аԥсны аихамҩа аргылараан иалахәыз анџьныр Золотински ижәла иахаршалан. Избанзар усҟантәи аамҭаз аԥсуаа ирыздыуамызт аурыс бызшәа аҟынтәи ираҳауаз ахьӡи ажәлеи ирымаз аивгарақәа.
Ҟабардантәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз аибашьыҩцәа ирыҭҟәаз Қырҭтәыла аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа, аамҭала Аԥсны наԥхгара азҭоз аԥыза-аминистр Жиули Шартава и Аҟәа ақалақь ахада Гәырам Габискириа ишьын иахьа уажәраанӡа зхаҭара шьақәыргылам аԥсуа ардыԥхьала ила, иара убас ишьақәргылаӡам уи зыхҟьаз аҭагылаӡаашьа.
Ахада иалыхра икандидатура ақәыргылараз, 1999 ш-зы дынхар акәхоит атәыла аҩнуҵҟа 5 шықәса инеиԥынкыланы.
Аибашьраӡатәи аексперт рбагақәа.
Иалкаау аҭыԥаҿ ауаҩы инхара зыршаҳаҭуа аилыркаага.
Уи аамҭаз Анқәаб ихигеит аҩбатәи агипертоникатә кризис, аԥхьа ихьиз ҽеила ишьақәгылаанӡа ахҟьахы.
Уаанӡа инхоз ақырҭуа милаҭ зманы зегьы ирыма Қырҭтәла амилаҭ зыршаҳаҭуа ашәҟәы, Аԥсны инхон урҭ ирзеиԥшым астатус рыманы.
1952 шықәсазы ииз
Ԥхынҷкәынмза 26 рзы ииз
03
Аԥсны аԥыза-министрцәа
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩцәа
Аԥсны Жәлар реизара 1-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Аԥсны Жәлар реизара 6-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Аԥсны аполитикцәа
Анқәабаа |
1744 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BC%D2%B7%D0%B1%D0%B0%2C%20%D0%93%D1%8C%D0%B0%D1%80%D0%B3%D1%8C%20%D0%90%D0%BB%D0%B5%D2%9B%D1%81%D0%B0%D0%BD%D0%B4%D1%80-%D0%B8%D4%A5%D0%B0 | Амҷба, Гьаргь Алеқсандр-иԥа | Гьаргь Алеқсандр-иԥа Амҷба (, Ӷәада, Аԥсны АССР, СССР) — Адырра егьакуп, егьыҩбоуп рҳәоит. Егьиашоуп.
Гьаргь Амҷба аԥсуа жәлар рҭоурых аҭҵаараҿы иааникылоз аҭыԥ хазын. Уи ишьҭихуаз апроблемақәеи, дзыхцәажәоз, иҭиҵаауаз атемақәа ргәылыршәашьеи ирыбзоураны аԥхьаҩцәа иусумҭақәа аҭыҵха рырҭомызт, еимыҵәҵәа иргон.
Гьаргь Амҷба жәа-монографиак дравторын, аҵарадырратә журналқәеи еиуеиԥшым аизгақәеи ирниҵахьаз аусумҭақәа маҷмызт, аха ианакәызаалак иара иҟәнишьон, „иҵегь сылшар ауан,“ – иҳәон.
Гьаргь Амҷба амедиевистикатә дунеи дагәылалеит Кавказ аҭҵаара знапы алакыз аҵарауаа дуқәа иара иахь ихьазырԥшыз, лахә-лахәы ишьклаԥшуаз иоппонентцәа ргәы ашьаҟәаҟәа ҭазҵаз, изыршәыз иусумҭа „Аԥсуа ҳәынҭқарра иазку ақырҭуа нарративтә хыҵхырҭақәа“ ала. Уи нахыс, хрыжь-хрыжь акәзаргьы, еишьҭагыланы рҿаархеит қырҭшәала еиԥш, бырзен бызшәала, шәамахь бызшәала ажәытә шәҟәқәа ирну ҳҭоурых цәырызгаз егьырҭ иусумҭақәагьы: „Абжьаратәи ашәы- шықәсақәа ирыҵаркуа ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа Аԥсназы ирҳәо“,
„Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аԥсны иамаз аполитикатә ҭагыла- заашьа“, „Абжьаратәи ашәышықә- сақәа ирыҵаркуа ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа Аԥсни аԥсуааи рыӡбахә ишалацәажәо“, “Афон-Ҿыц“ уҳәа убас егьырҭгьы. Урҭ рӷьырак аԥсуа хылҵшьҭрақәа рҽеидкыланы, жәларык раҳасаб ала ишышьақәгылаз, нас VIII-X ашәышықәсақәа рзы Кавказ зегьы зырхыџхыџуаз афеодалтә ҳәынҭқарра шыҟарҵаз уҳәа ҳгәы зкуаз азҵаарақәа жәпакы рҭак ҳарҭоит. Егьырҭ иаҳдырбоит жәынгьы-ҿангьы ҭаха ҳазымҭоз ҳгәылацәа бзиахәқәа аҳәаҭыхла ирҿагыланы ҳабацәа дуқәа рыдгьыл гәакьеи рбызшәеи шырыхьчоз.
Аԥсуа культуратә ԥсҭазаараҿы зеиԥш ҟамлацыз хҭысхеит ҵакыла еиԥш, формалагьы иԥшӡаӡа 1993 шықәса рзы ҭырқәшәала Сҭампыл иҭыҵыз Гьаргь Амҷба ишәҟәы „Аԥсуааи алазқәеи“. Уаанӡа иҭыҵхьаз иҩымҭақәа реиԥш, ари ашәҟәаҿы автор аԥхьаҩ иирбоит абжьаратәи ашәышықәсақәа раан аԥсуа етно- политикатә шьақәгыларақәа ирымаз асоциалтә-политикатә ҭагылазаашьеи рхьыԥшымразы урҭ иаадырԥшуаз ахаҵареи.
Aбжьаратәи ашәышықәсақәа аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы даараӡа акрызҵазкуа аамҭан. Зегьы раԥхьаӡа иргыланы, ари Аԥсны афеодалтә еизыҟазаашьақәа рцәырҵреи рыҿиа- реи ираамҭан, ақьырсиантә культура ҳабацәа рабацәа дуқәа ианрылаҵәаз, аԥсуаа рхатә ҳәынҭқарра ҟаҵаны иаркы-ирцә ҳәа геи-шьхеи, ладеи-ҩадеи ианрыбжьаз аамҭан. Урҭ зегьы дырра ҳаракыла, гәык-ԥсык ала, ламысла рыҩра, усҟан, аҭоурыхтә ҵабырг, ишырҳәо еиԥш, ала ҟырҟы ианкылырхуаз аамҭазы, имариамызт.
Аҵарауаҩ ихи иԥси дырмеигӡар акәын. Гьаргь Амҷба абри аус аҿы илшаз ахә ашьара уадаҩуп.
Аҵыхәтәантәи ахәышықәса ирылагӡаны, изыԥшыз идыруазшәа, уи иҭижьит даҽа ҩ-шәҟәык: „Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аԥсны иҟаз акультуреи аидеологиеи“, „Аԥсны абжьаратәи ашәышықәсақәа репохазы“.
Аԥхьатәи ашәҟәы, иара ахьӡ ахаҭа ишаҳәо еиԥш, VI-X ашәышықәсақәа рзы Аԥсны идыргылаз аҭоурыхтә баҟақәеи, ҳәынҭқарратә динк аҳасаб ала аԥсуаа ақьырсианра шрыдыркы-лази, насгьы урҭ рыԥсҭазаараҿы уи иааннакылаз аҭыԥи ирызкуп. Аҩбатәи ашәҟәаҿы ажәытәӡатәи аҩыратә хыҵхырҭақәеи, археологиатә материалқәеи, аетнологиеи ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, автор иааирԥшуеит аԥсуа жәлар рынхамҩа аҭоурыхи рсоциалтә еизыҟазаашьақәеи. Аха Гьаргь уи инапаҿы иааникыларатә еиԥш аразҟы илахь ианымызт.
Иҟоуп акьыԥхь зымбац даҽа усумҭа дук. Уи аԥсуаа рҭоурыхтә антро- понимиа иазкуп. Ари аусумҭа аԥсуаҭҵаараҿы уникалтә ԥҵамҭа ҿыцуп. Аԥсуа саԥсуоуп ҳәа адунеи ишьапы нықәиргылазар аахыс ихьӡырҵоз, хьыӡшьарас ирҭоз, иабиԥарахьыӡқәа уҳәа аԥхьаҩ зинтерес икыша, иџьеишьаша, илакәишьаша рацәоуп ари аусумҭаҿы. Автор ихаҭагьы уи азы алкаа ҷыда ҟаиҵеит: аԥсуа жәлар рҭоурыхтә антропонимиа ретностә ҭоурых аҭҵаара акырӡа иацхраауеит, иҭнагоит. Ҩашьара ақәымкәа уи иаҳнарбоит иара убас урҭ рполитикатә, ркультуратә ориентациагьы.
Гьаргь Амҷба зымҽхак ҭбааз ҵарауаҩын. Уи ибзиаӡаны идыруан дызлиааз ижәлар рбызшәа амаӡақәа, аԥсы ахьҭаз, урҭ рҵасқәеи рқьабзқәеи рҷыдарақәа, рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа уҳәа аԥсуара злеибарку зегьы. Абри аганахь ала иналкааны иазгәаҭатәу усумҭоуп иетнологиатә ҭҵаамҭа „Аԥсуаа рҽыбӷаҟазара“. Хаҭала иара автор „адәы иқәигаз“ аматериал хьыршәыгәқәа ихы иархәаны, ицәыригеит ҳажәлар рыбзазара иузалымхуа иалаз аҽы акульт,
иахьанӡагьы урҭ даҽа жәларык ирылазмырҩашьо абаҩҷыдара, ретностә специфика.
Аҵарадырраҿы Гьаргь Амҷба изы аус злаз аҭоурытә факт акәын. Афакт иара изы ихсаалаган, ишәага-заган, иқәырԥшыган, зегьы зхагьежьуаз лыран.
Гьаргь Амҷба дагьеиҭагаҩын. Алықьса Гогәуеи иареи еицхырааны Иаков Цурҭавели иҭоурыхтә рҿиамҭа „Шушаник игәаҟра“ аԥсышәала идырцәажәахьан. Иара ихалагьы аԥсуа ԥхьаҩ ииҭахьан Константине Гамсахурдиа иажәабжьқәа акыр. Аԥсшәа аҟынтә ақырҭшәахь еиҭеигахьан „Нарҭаа репос“. Гьаргь Амҷба ибзоураны аԥсуа ԥхьаҩцәа ироухьан арумын шәҟәыҩҩ Виктор Кернбахи, авенгр ҭоурыхҭҵааҩ Лиош Ҭардии, америкатәи аетнолог Сула Бенети аԥсуаа ирызкны ирыҩхьоу ашәҟәқәа.
Гьаргь Амҷба аԥсабара иланаҵаз абаҩхатәреи идырра дуи аԥсуа ҵарадырреи аҵараиурҭақәеи рзы иҵәатәышьаҟақәан. Жәашықәсала уи иџьабаа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт иадиҵахьан. Уи араҟа зквалификациа ҳаракӡоу аҭоурыхҭҵааҩцәа дреиуан. Аԥсуа Ҳәынҭқарратә университет аҿы алеқциақәа дрыԥхьон, зны Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи ркафедра дреиҳабын, аҽазных аҭоурыхтә факультет дахагылт, ддеканын. Абраҟа Гьаргь Амҷба дпрофессорын, аҿар аҭоурых дирҵон, аԥсуара рылаиааӡон.
Гьаргь Амҷба ҵарауаҩык иаҳасаб ала ддуун, рҵаҩык иаҳасаб алагьы. Аха „издыруеит“ ҳәа мыцхәы иҳәомызт. Иҵкыс аҵара сымоуп ҳәа, ипара збеит ҳәа амалахазгьы ауаҩы диқәыӷә-ӷәомызт, длаирҟәуамызт, уимоу, дзацәажәоз џьара иакәымк иамхаҳәаргьы, дхьижәомызт, имаршәа кны, имырхьааӡакәа ихы иирдыруан.
Хынҩажәифба шықәса қәрам аԥсуа хаҵа изы. Иуаҩра дынҭалеит аҟароуп.
Гьаргь инарцәымҩа дықәлеит еиҳагьы ҳажәлар рҿахәы аниҳәашаз, еиҳагьы анилшашаз, еиҳагьы данаҳҭахыз аамҭазы.
Гьаргь дҵарауаҩын, дҵарауаҩыҵәҟьан. Аԥсуа ҭоурыхҭҵаара иара ида ихьысҳахоит. Шәҩыла анцәа иҳаҭәеишьааит, аха иахьазы Гьаргь Амҷба дзыԥсахша аҭоурыхҭҵааҩ иԥшаара мариам. Уи иахьа еиҵагылоу аԥсуа интеллигенциа зырбеиоз, иӡырызгоз, изырԥшӡоз, ҳагьзлаҽхәоз ауаа хатәрақәа, ауаа нырҳарақәа дреиуан.
Ҟазшьала Гьаргь дҭынчшәа дыҟан, аха дыџьбаран, дтәаны думбар, дгыланы ихы уирбомызт, ачҳара змаз жәытә арԥысын, даамысҭашәан. Аиҩызараҿ дԥышәан – даартын, дыгәшаҭаҩын, дгәыбылҩын, дчеиџьыкауаҩын.
Ҳажәлар дрыԥхеит аҵеи хазына, аҵеи лаша, аҵеи хьӡырҳәага – ауаҩ ду.
Ахыҵхырҭа
ГЬАРГЬ АМҶБА. АҦСУА ЖӘЛАР ДРЫҦХЕИТ АДЫРРА ДУ ЗМАЗ АУАҨЫ ЛАША, АУАҨААМЫСҬАШӘА
GEORGI AMICHBA
Аԥсны аҭоурыхдырҩцәа
Амҷаа
1936 шықәсазы ииз
Лаҵарамза 10 рзы ииз |
1767 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%83%D1%81%D1%83%D0%BC%D2%AD%D0%B0%D2%9B%D3%99%D0%B0 | Аусумҭақәа | Аусумҭақәа. Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи. - Аҟәа: Аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд, 2004; 639 д.
Апрофессор Гьаргь Амҷба иусумҭақәа иргәылоуп Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызку аҩымҭақәа.
Урҭ Кавказ аҭҵаарадырратә дунеиаҿ мацара акумкуа, аҳәаанырцәгьы ахәшьара ҳарак зыҭоу амонографиақәа: "Заатәи абжьарашәышықәсақәа рхаан Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа", "Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызку астатиақәа", "Аԥсуаа рҽыбӷаҟазара" рҟынтә иаагоуп, иара убас апериодика ианылахьоу аҭҵаарадырратә статиақәа, арецензиақәа, аԥсуаҭҵаара аусзуҩцәа ирызку анҵамҭақәа, аиҭагақәа рылоуп.
Ашҟәы иагәылоу аусумҭақәа тематикалеи хронологиалеи даараӡа иҭбаауп, хымԥада, аԥхьаҩ изы аинтерес ду рыҵоуп.
Ари ашҟәы рхы иадырхәар алшоит аҭоурыхҭҵааҩцәа, аетнологцәа, арҵаҩцәа, астудентцәа, иара убас Аԥсны аҭоурых иазҿлымҳау аԥхьаҩцәа зегьы.
Ашҟәы аҭыжьразы афинанстә цхыраара ҟанаҵеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилак.
Алитература
Амҷба, Гьаргь. «Аусумҭақәа». amichba.de. [ацит. 2021-01-26]. онлаин
Ашәҟәқәа |
1981 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D0%B5%D0%B8%D0%B3%D3%99%D0%B0%D0%B0%2C%20%D0%9E%D0%BC%D0%B0%D1%80%20%D0%91%D0%B0%D0%B8%D1%80%D0%B0%D0%BC-%D0%B8%D4%A5%D0%B0 | Беигәаа, Омар Баирам-иԥа | Омар Баирам-иԥа Беигәаа (; ; , Аосмантә империа — , Сҭампыл, Ҭырқәтәыла) — Ҭырқәтәыла ашәҟәыҩҩы.
Абиографиа
Омар Беигәаа диит Ҭырқәтәыла, 1901 шықәса рашәарамза аказы. Дахьиз ақыҭа ҭырқәшәала Ефҭени Ҳаџьыс уеиманбеи қьиоҩы ҳәа иашьҭоуп, уаатәи аԥсуаа ракәзар ҩ-хьзык рыла аӡбахә рҳәоит: Ашәы Ҳаџьы иқыҭа, мамзаргьы Ашәаа рқыҭа.
Иабшьҭра иазкны Омар Беигәаа иҩуеит: «...Саб — Баирам. Баирам иаб - Ҳасан. Ҳасан иаб - Маџь. Маџь иаб - Мамгәыл... Сыҩны аԥшәма ԥхәыс — Кәарҷиа ԥҳауп, Шьааиан лыхьӡуп. Баирам иԥҳәыс, сан — Шам-ԥҳан, Мкыд лыхьӡын; Баирам иан, санду — Ладариа-ԥҳан. Аладариа-ԥҳа данԥсы, Кҷын-ԥҳа дааигеит. Аԥсны иқаҵыз сабду Ҳасан иауп. Уи дынхон Абжьаҟәа. Абыгәаа игәылацәан...»
Диузџьетәи ашкол даналга, Беигәаа Омар Едырнетәи алицеи даанахәоит, уи қәҿиарала далгоит нџьнырк иаҳасабла. Абри изанааҭ ала иуеит 1964 шықәсанза. уинахыс аԥсшьараамҭахь /атәанчарахьы/ диасуеит. Дынхоит Сҭампыл.
Поетк иаҳасабла Беигәаа Омар арҿиера ус инапы алакыуп 1918 шықәса инаркны. Уи инапы иҵыҵхьеит иара убас аԥсуаа рбызшәеи, рҭоурыхи, рмифологиеи ирызкны акыр иаԥсоу аусумҭақәа.
Иаҭәашьоуп Д. Гәлиа ихьӡ зху Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа.
Аҭампылатәи аԥсыуа бхьы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1990
Антологиаҿ иаагоу О. Беигәаа иҨымҭақәа абри ашәҟәы анҵыҵ ашьҭахь автор инапы иҵигаз аредакциала икьыԥхьуп.
Алитература
Азхьарԥшқәа
Абиографиа - Аԥснытека
Тырқәтәылатәи ашәҟәыҩҩцәа
1901 шықәсазы ииз
2001 шықәсазы иԥсыз
Жәабранмза 25 рзы иԥсыз |
1983 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D1%8B%D2%9B%D3%99%D0%B1%D0%B0%2C%20%D0%90%D0%BD%D0%B7%D0%BE%D1%80%20%D0%9A%D3%99%D0%B0%D0%BA%D3%99-%D0%B8%D4%A5%D0%B0 | Мықәба, Анзор Кәакә-иԥа | Анзор Кәакә-иԥа Мықәба (; диит , Оҭҳара ақыҭа, Гәдоуҭа араион, Аԥснытәи АССР) — аԥсуа шҟәыҩҩы, адраматург, аҭоурыхдырҩы, актиор, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы; Аԥсни, Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа ирылоу, исахьаркыратә аԥҵамҭақәа шамахамзар зегьы аԥсуа жәлар рҭоурыхтә хҭысқәа шьаҭас ирымоуп.
Иҭоурыхтә драматәҩымҭақәа Аԥсуа драматә театр аҟны иқәдыргылахьеит. Аиза "Аԥсны Аҳцәа" аҟны автор иҽанишәеит, акыр шәышықәса, Аԥсни, аԥсуа жәлари харада рызҭоз аҳцәа Чачаа (Чачба, Шервашиӡе) рабшьҭра ашьақәыргылара.
Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәеи, жәлар рҳәамҭақәеи ихы иархәаны, аԥхьаҩцәа ирыдигалоит иаазыркьаҿу урҭ рҭоурых, иааирԥшуеит урҭ зхааныз аамҭа иатәу ахҭысқәа.
Ашәҟәы рызкуп зыԥсадгьыли зуаажәлари рҭоурых иазҿлымҳау зегьы.
Азхьарԥшқәа
Мукба Анзор Кокович
Мықәба Анзор Кәакә-иԥа
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа
Аԥсны аҭоурыхдырҩцәа
Аԥсны актиорцәа
Мықәаа
1946 шықәсазы ииз
Абҵарамза 17 рзы ииз |
2004 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D0%BD%D0%B3%D3%99%D1%8B%D1%88%D1%82%D3%99%D1%8B%D0%BB%D0%B0 | Ингәыштәыла | Ингәыштәыла, Ингәыштәыла аҳәынҭқарра (, ) — автономтә республика Урыстәылаҟны. Ари Кавказ ажәларқәа рыӡбахә адаҟьа ауп. Ара 50-жәларк раҟара иқәынхоит. Инхоит, иаҳҳәап, азыхәцәа, аԥсуаа, ашәқәа (абазақәа), ачачанцәа, аингәышьцәа, аварцәа, алезгцәа, адарганцәа, алақцәа, аҭабасаранцәа, арутулцәа, аӷәылцәа, аҵахәырцәа, ақырҭқәа, агырқәа, ашәанцәа, аерманцәа, ауаԥсцәа, аталышцәа, аҟарачаицәа, абалҟарцәа, аҟәымыҟцәа, азербаиџьанцәа, анаҩеицәа уҳәа убас иҵегьы.
Уи адагьы абра атәым жәларқәа гәыԥ-гәыԥла иқәынхоит: аурысцәа, аукраинеццәа, абырзенцәа уҳәа убас егьырҭгьы.
Аинформациа Кавказ ажәларқәа рыӡбахә аҳәынҭқаррақәа ишаны рықәҵоит. Аҟәшақәа зегьы рҿы иқәынхо ауаа ашәҟәы ранҵара ацифратә дыррақәеи аетнографиатә ҳсаалақәеи иҟоуп.
Азгәаҭақәа
Азхьарԥшқәа
ingushetia.ru
Урыстәылатәи Афедерациа ареспубликақәа |
2022 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D1%85%D0%B0%D0%B4%D0%BE%D1%83%20%D0%B0%D0%B4%D0%B0%D2%9F%D1%8C%D0%B0 | Ихадоу адаҟьа | |
2106 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%9A%D1%8B%D1%80%D2%AD%D1%82%D3%99%D1%8B%D0%BB%D0%B0 | Қырҭтәыла | Қырҭтәыла () – Кавказ мрагылара аган ахь ала иҟоу атәыла.
Аладаҿы Қырҭтәылеи Ермантәылеи, Азербаиџьани, аҩада-мраҭашәараҿы - Қырҭтәылеи Урыстәылеи аҳәаақәа иамоуп.
Апрезидент: Зурабишьвили, Саломе Леван-иԥҳа
Аԥыза-министр: Ӷарибашьвили, Иракли Тариел-иԥа
Аҳәынҭқарратә символика
Абираҟ
Қырҭтәыла абираҟ араӡны фонаҿ (афон шкәакәаҿ) иарбоуп идуу аџьар ҟаԥшьи, ԥшь-џьар хәыҷыки.
Ари, зегьеицырзеиԥшу иқьырсиану асимволқәа - ҳазшаз Анцәеи ԥшь-ҩырацқьаки ауп иаанаго.
Аџьар агеральдикатә дырганы раԥхьаӡаа ицәырҵит 1099 шықәсазы, аџьарныҟәгаҩ Жофруа де Буилон игерб аҿы.
Убри аамҭа инаркны ари агеральдикатә дырга Анцәа инышәынҭреи, ақьырсианра ацентр Иерусалими ауп иаанаго. Ари агерб хы-хьӡык амоуп: Жофруа де Буилон игерб, Иерусалимтәи агерб, Адырга цқьа.
Араӡны (ашкәакәа) агеральдикаҿ ацқьара, ахшыҩ ду ауп иаанаго, аҟаԥшь - афырхаҵара, аӷьеҩра, аиашара, абзиабара.
Анџьелино Дульчери иаԥиҵаз аҳәаақәа рыхсаалаҿ - портулан аҿы (1339 ш.), Франческо ди Лапоччои Доменико ди Бонинсеньеи амшынтә рыхсаалаҿ (1367ш.), Сидер амшынтә ихсаалаҿ (1565 ш.) Қырҭтәыла атерриториа абри абираҟ ала иазгәаҭан.
Агерб
Агерб ду
Ахәҭаҟаԥшь аҿы ахьтәы ореол змоу, ахьтәы џьар змоу араӡны ԥса зку, иҽыжәу Гьаргь ацқьа араӡны гәылшьап ишьуеит:
асаԥар ақырҭуа (ивериатәи) агәыргьын ала ирԥшӡоуп:
асаԥар ныҟәгаҩцәаны ҩ-хьтәы лымык иарбоуп:
асаԥар шьаҭас иамоуп астилизациа зызу аӡахәа ақырҭуа орнаменти, адевиз зну абанти;
иҟаԥшьу-ишкәакәоу абант мхедрули анбан ала адевиз ануп: Акзаара ауп амч змоу.
Агерб хәыҷы
Ахәҭаҟаԥшь аҿы ахьтәы ореол змоу, ахьтәы џьар змоу араӡны ԥса зку, иҽыжәу Гьаргь ацқьа араӡны гәылшьап ишьуеит;
Гьаргь ацқьа
Иқьырсиану адунеи аҿы Гьаргь ацқьа пату иқәырҵоит. Адиниашахаҵаҩцәа мацара ракәымкәа, ақьырсианцәа зегьы бзиа дырбоит. Уи адагьы, аԥсылманцәа рышәҟәы цқьа, Аҟәырҟан аҿгьы Гьаргь ацқьа иӡбахә ҳәоуп.Гьаргь ацқьа иқьырсиану адунеи аҿы Ҳазшаз Анцәа ду ир рԥызас, аарцәтәи адунеи афырхацәа рхылаԥшхәыс, ауаҩытәыҩса ихылаԥшхәыс, агәаҟра иҭагылоу ауаа рыцхырааҩыс дрыԥхьаӡоит.
Ацәгьа иаҿагыло, аҵабырги аиааиреи рсимвол, арашь шкәакәа иақәтәо Гьаргь ацқьа, ақырҭуаа рзы дҿырԥшыганы дҟалеит. Жәытәнатә аахыс Гьаргьт ацқьа ақырҭуаа рхылаԥшхәыс дрыԥхьаӡоит.
"Қарҭлис цховреба" ("Қарҭли аԥсҭазаара") ишану еиԥш, Дидгортәи аидыслараан Гьаргь ацқьа ақырҭуа ар дырхагылан.
Ари иабзоураны, уамашәа иубаратәы иҟам Қырҭтәылаҿ Гьаргь ацқьа ихьӡ зху 365 уахәамак ахьдыргылаз. Аиашахаҵаратә ақырҭуа уахәама Гьаргь имшныҳәа шықәсык ала ҩынтә иазгәанаҭоит.
Иване Џьавахишвили ("Ақырҭуа милаҭ рҭоурых", ашәҟәы I) ишызгәеиҭо еиԥш, ақырҭуа ихшыҩ аҿы анцәахәқәа рыбжьара "зегь реиҳа ихадоу аҭыԥ ааникылоит Гьаргь ацқьа". Ақырҭуа жәлар Гьаргь иныҳәақәа шықәсык ала изныкымкәа иазгәарҭоит. Иазгәаҭатәуп жәлар рныҳәақәа: Хевсуреҭи аҟны Хахмаҭтәи аџьари, Гудантәи аџьари, Санебатәи аџьари, Ԥшави аҟны Лашартәи аџьари, Мҭиулеҭи аҟны Ломистәи аџьари уб. егь. Гергисоба, Усанеҭоба, Арбоба ақырҭуа жәлар ррелигиатә ныҳәақәоуп, урҭ Гьаргь ацқьа ихьӡ иадҳәалоуп.
Гьыргәал Ԥераӡе идыррақәа рыла, 1180 шықәсазы, Жак де Витр, Иерусалимтәи апатриарх иҩуан: "Мрагылараҿ даҽа иқьырсиану жәларык иҟоуп, урҭ аибашьраҿ, аидыслараҿ ифырхацәоуп, иӷәӷәоуп. Аибашьцәа рацәаны ирымуоп. Арҭ ауаа георгиан ҳәа ирышьҭоуп, избан акәзар Гьаргь ацқьа патуқәҵарала изныҟәоит, аӷацәа рабашьраан рхылаԥшхәыс дрыԥхьаӡоит, егьырҭ ацқьацәа рацкьыс иаҳа пату иқәырҵоит."
Иџьшьатәым, адунеи аиҳарак аҿы иахьагьы жоржианцәа, џьорџьианцәа ма георгианцәа ҳәа иахьҳашьҭоу.
Агерб асаԥар аҿы Қырҭтәыла асимвол еиԥш Гьаргь ацқьа исахьа раԥхьаӡа иаҳԥылоит 1672 шықәсазы Урыстәыла иҭыжьыз "Атитулиари", Вахушти Багратиони 1735 шықәсазтәи иусумҭеи рҿы.
Агерб асаԥар ахәҭаҟаԥшь аҿы Гьаргь ацқьа исахьа, Қырҭтәыла ауаажәлар рзы ари афигура ахадара ду шамоу иазгәанаҭоит.
Агимн
Адгьылхҩылаара
Ашьхатә системеи аҳаракырақәеи Қырҭтәыла атерриториа 80% ааныркылоит. Қырҭтәыла адгьылхҩылааратә лагылазаара 40'еи 47' мрагыларатә аҭбаареи, 41'еи 44' аҩадатә ауреи рыбжьара иҟоуп.
Аҳауа
Мрагыларатә Қырҭтәылаҟны хбарроуп, аҳауа иконтиненталуп, аԥхын ԥхарроуп, аӡынра иаҩцацәам, мраҭашәаратә Қырҭтәылаҟны, Амшын еиқәа агаҿы иԥхоу, асубтропикатә ҳауа ыҟоуп.
Афлореи афаунеи
Қырҭтәыла атерриториа шыхәыҷугьы, араҟа зеиԥшыҟам афлора ыҟоуп. Ари зегьы иҳәаақәҵоуп атәыла адгьылхҩылааратәи аҳауатәи лагылазаара ала, убри аҟнытә араҟа аҵиаақәа ҷыдалатәи рыхкқәа уԥыхьашәоит. Мрагыларатәи мраҭашәаратәи Қырҭтәыла афлора еиԥшым. Мрагыларатә Қырҭтәылаҟны хбарроуп, араҟа аԥсарақәа ыҟам, убри аҟнытә ариаҵәареи аҵиааӡареи иаҳа иалкаауп. Мраҭашәаратә Қырҭтәыла абнарацәарала иалукааратә ыҟоуп. Қырҭтәыла афауна Европеи, Ацентртә Азиеи Африкеи афауна аелементқәа алоуп. Қырҭтәылаҟны шәкыла хшыла ичо ахкқәа ыҟоуп, иара убас, 330 хкы аԥсаатәқәеи, 48 хкы арептилиақәаеи 11 амфибиақәеи 160 аԥсыӡхкқәеи. Қырҭтәыла ҩ-континентк, Европеи Азиеи ирыԥнуп. Ақырҭуа цивилизациа аԥҵареи ашьақәыргылареи рзы анырра рыман мрагыларатәи мраҭашәаратәи акультурақәа. Аԥстәқәа рдунеи абеиара, аҳауа ԥха, ҽаҩраазышьҭуа адгьыл, аԥсабаратә ресурсқәа рырацәара - ақырҭуа жәлар абри зегьы рхы иархәаны, ақыҭанхамҩа арҿиара рылшеит.
Идуӡӡоу ақалақьқәа
Қәҭешь (189.7 нызқьҩык), Баҭым (122,2 нызқьҩык), Русҭау (117,9 нызқьҩык), Аҟәа (анхацәа ашәҟәы рҭаҩра мҩыԥымсит), Жәыргьыҭ (72,2 нызқьҩык), Гәар (50,2 нызқьҩык), Ԥаҭ (47,3 нызқьҩык) Ҭелау (20,2 нызқьҩык).
Аетникатә аилазаара: ақырҭцәа - 83,3 %, азербаиџьанцәа - б,5%, ашәамахьцәа - 5,7%, аурысцәа - 1,5%, ауаԥсаа - 0,9%, абырзенцәа - 0,3%, аукраинцәа - 0,2%, аԥсуаа - 0,1%, ауриацәа - 0,1%, егьырҭ - 0,1%.
Адин
Қырҭтәылаҟны ақьырсианра аларҵәара аиуит 4-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы. Ақырҭқәа рҟны ақьырсианра ақадақь луан Нино цқьа (Кабадокиатәи). Уи лныҳәарақәеи лылԥхеи рыла аҳԥҳәыс Нана дылхәшәтәит, иара убас, аҳ Мириан деиқәлырхеит. Ашьахәынҵа инақәырԥшны, аҳ Мириан шәарацаара дшыҟаз, иаалырҟьаны илашьцарахеит, аҳ Нино цқьа лыхьӡала дныҳәан, иаразнак илашарахеит. Убри аамышьҭахь, ақьырсианра аҳәынҭқарратә адинуп ҳәа алаҳәара ҟарҵеит. Мцхеҭа зеиԥшыҟамыз аныхабааш ду дыргылеит. Ақырҭуа ортодоқсалтә ақьырсиантә (аиашахаҵаратә) џьар ҷыдалатәи аформа амоуп. Уи Нино цқьа лџьар ҳәа ахьӡырҵеит, Нино аӡахәа амахәқәеи, иԥаны иҟаз лыхцәи ирылхны аџьар ҟалҵеит. Лџьар ала Қырҭтәыла еиқәлырхеит. Ақьырсианранӡа Қырҭтәылаҟны амцнцәахаҵара акәын иҟаз, амцнцәақәа ирымҵаныҳәон. Аҳ Вахтанг I Горгасал архимандрит иаҭәеишьеит акаталикос ихьӡ. Абас ала ишьақәгылеит Ибериатәи ауахәама автокефалиа. Ажәытә ажәабжь инақәырԥшны, Қырҭтәылаҟны ақьырсианра ақадақь руан ацҳаражәҳәаҩцәа: Андреи, Симон Андреи. Симон Кананити, Варфоломеи. Ақырҭуа ақьырсиантә уахәама иаԥҵахеит 4-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы. Убасҟан ауп ақьырсианра аҳәынҭқарратә динны ианаарыцҳа. Қарҭли раԥхьатәи аҷҟәандартә кафедра ишьаҭакхеит аҳра аҳҭнықалақь Мцхеҭаҟны, Қарҭли ауахәама аԥхьагылаҩ аҷҟәандар хада ихьӡ ныҟәигон. М ашәышықәсанӡа ақырҭуа ақьырсиантә уахәама, аиерархиала, зны Константинополь, нас - Антиохиа апатриархиақәа рхылаԥшра аҵаҟа иҟан.
466 -468 шықәсқәа рзы, Вахтанг Горгасали ихаан, Қарҭли аамҭакала ишьаҭакхеит 12 аҷҟәандартә кафедрақәа, ауахәама аԥхьагылаҩ акаталикос ихьӡ иоуит. Убри нахыс, ақырҭуа уахәама ахатә автокефалиа аман. VI ашәышықәсазы ақьырсианра ашьақәырӷәӷәараҿы рылагала дууп Ассириатәи абацәа.
XI ашәышықәсазы Қырҭтәылаҟны ишьаҭакхеит адунеи зегьы аҟны афбатәи апатриархиа, аха Дауҭ IV Аргылаҩ ихаан ақырҭуа уахәама аҳәынҭқарра ахылаԥшра аҵаҟа иҟалеит, ауахәама иахылаԥшуан мҵигнобартухуцеси - ҷҟондидели. Ақьырсиантә уахәама ароль ду нанагӡеит Қырҭтәылаҟны аҩра-аԥхьара аларҵәара апроцесс аҟны, ауахәама-аберҭыԥқәа рҟны ашколқәеи академиақәеи ыҟан (Гелаҭи, Иҟалҭо), уаҟа абер-маҵуҩцәа аҵара аус иазыҳаҵҳаҵуан, урҭ ҳагеографиатә литература зҵак дуу аусумҭақәа иаԥырҵеит.
Қырҭтәыла Урыстәыла адҵара аамышьҭахь ақырҭуа ақьырсиантә уахәама автокефалиа иаԥырхын. Иара убас иаԥырхит акаталикосҽпатриарх иҭыԥгьы. Ақырҭуа уахәама аурыс синод анапаҵаҟа иҟалеит. 1852-69 шықәсқәа рзы ауахәаматә мазара ахазына иарҭан, адоуҳаныҟәгаҩцәа аулафаху рзышьақәдыргылеит. 1917 шықәса хәажәкыра 12 (25) рзы адоуҳаныҟәгаҩцәа автокефалиа еиҭашьәақәдыргылан, цәыббразы акаталикосҽпатриарх далырхит. 1978 шықәсазы Қырҭтәыла акаталикосҽпатриархны далырхит Илиа аҩбатәи. Уи иныҳәарала Қырҭтәылаҟны иакымкәа ауахәамақәеи аныҳәарҭақәеи еиҭашьақәыргылан, имаҷымкәа аҿыцқәагьы дыргылеит. Хымԥада иазгәаҭатәуп Самеба акафедралтә уахәама, уи адунеи аҟны зегь реиҳа идуу аберҭыԥтә комплеқсқәа ируакуп. Аҳаракыра 83 метрак иаҟароуп, уи атерриториаҟны 12 уахәамақәеи аныҳәарҭақәеи аусура иалагоит.
Административ-территориалтә шара
Араионқәа
Қьада, Қобулеҭ, Шьуахьау, Хьалуачаур, Хәыло, Жәыргьыҭ, Хәаб, Ҵаленџьыха, Чхәароҵҟәы, Санакь, Абашьа, Мартәыл, Местиа, Уажәыргьаҭ, Ланчхәыҭ, Чохатаур, Тҟибул, Ҵҟалтубо, Ҷиаҭура, Баӷдад, Ван, Зесҭаԥон, Ҭерџьола, Самтредиа, Сачхере, Харагаул, Хәан, Ахмета, Гәырџьаан, Дедоԥлис-Ҵҟаро, Ҭелау, Лагодехь, Сагареџьо, Сиӷнаӷь, Ҟәарел, Душьеҭ, Ҭианеҭ, Мцхеҭа, Ҟазбақь, Амбролаур, Уан, Цагер, Лентех, Адыгьан, Аспинӡа, Ахалқалақь, Ахалцых, Борџьом, Ниноҵминда, Болнис, Гардабан, Дманис, Марнеул, Ҭеҭри-Ҵҟаро, Ҵалка, Гәар, Касп, Қарел, Хашәыр.
Шәахә. иара убас
Новости в Грузии
პარლამენტი Парламент
პრეზიდენტი Президент
Верховный суд
Friends of Georgia (Friends of Georgia International Foundation. Information on Culture, History, Gastronomy, etc).
Ахьарԥшқәа
Европатәи атәылақәа
Азиатәи атәылақәа
Ареспубликақәа |
2175 | https://ab.wikipedia.org/wiki/2006 | 2006 |
Ахҭысқəа
Ажьырныҳәамза
Жәабранмза
Хәажәкырамза
Мшаԥымза
Лаҵарамза
Рашәарамза
Ԥхынгәымза
Нанҳәамза
Цәыббрамза
Жьҭаарамза
Абҵарамза
Ԥхынҷкәынмза
Иит
Рыԥсҭазаара иалҵит |
2176 | https://ab.wikipedia.org/wiki/2005 | 2005 |
Ахҭысқəа
Ажьырныҳәамза
Жәабранмза
Хәажәкырамза
Мшаԥымза
Лаҵарамза
Рашәарамза
Ԥхынгәымза
Нанҳәамза
Цәыббрамза
Жьҭаарамза
Абҵарамза
Ԥхынҷкәынмза
Иит
Рыԥсҭазаара иалҵит |
2178 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A8%D0%B0%D0%BC%D0%B1%D0%B0%2C%20%D0%A1%D0%B5%D1%80%D0%B3%D0%B5%D0%B8%20%D0%9C%D0%B8%D1%80%D0%BE%D0%BD-%D0%B8%D4%A5%D0%B0 | Шамба, Сергеи Мирон-иԥа | Шамба Сергеи Мирон-иԥа (, , Гәдоуҭа, Аԥснытәи АССР, СССР) — раахыс адәныҟатәи аусқәа рминистр. Шықәса рзы Еревантәи археологиатә институт аҟны адоктортә диссертациа ихьчеит абри атемала4 Ажәытәтәи ашәышықәсабжьаратәи Аԥсны аполитикатәи, асоциал-економикатәи, акультуратәи ҭагылазаашьа археологиеи анумизматикеи рдыррала(9. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иқәҵарала --- шықәса рзы аҷыдатәи амчнаӡатәи Цҳаражәҳәаҩ ҳәа адипломатиатә ранг ианашьан. Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟалаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура афонд деиҳабын. ----рзы, ақырҭуа-аԥсуа еимак аан Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Аибашьра анеилга ашьҭахь ԥхьатәара дцеит аполковник ичын иманы. ---рзынӡа ауаажәларратә еиҿкаара «Аидгылара» хантәаҩыс даман. Еиуеиԥшым анаукатә усумҭақәа дравторуп, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор истепен имоуп. Дҭаацәароуп. Имоуп аԥеи аԥҳаи.
Ахьарԥшқәа
Аԥсны аԥыза-министрцәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа
Аԥсны Жәлар реизара 1-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Аԥсны Жәлар реизара 5-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Аԥсны аполитикцәа
Шамаа
1951 шықәсазы ииз
Хәажәкырамза 15 рзы ииз |
2188 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A8%D1%8C%D1%8B%D0%BD%D2%9B%D3%99%D0%B1%D0%B0%2C%20%D0%91%D0%B0%D0%B3%D1%80%D0%B0%D1%82%20%D0%A3%D0%B0%D1%81%D0%B8%D0%BB-%D0%B8%D4%A5%D0%B0 | Шьынқәба, Баграт Уасил-иԥа | Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба (, , Ҷлоу ақыҭа, Очамчыра араион — , Аҟәа) — Аԥсны жәлар апоет, ашәҟәыҩҩы, аполитик, Д. Гәлиеи Шьоҭа Русҭавели рыхьӡ зхәы аҳәынҭқарратә премиақәа рлауриат. Иара зыхьӡ-зыԥша хара ианаӡахьоу поетуп. Иҩымҭақәа зегьы иаарылукааша рҿиамҭоуп иҭоурыхтә роман “Ацынҵәарах”. Ари ароман ианыԥшуеит аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы зегьы раасҭа игәыҭшьаагоу ахҭыс - амҳаџьырра ашықәсқәа.
Абиографиа
Диит 1917 шықәса лацара 12 рзы Ҷлоу ақыҭа Очамчира араион аҿы. 1926 шықәсазы дҭалоит Ҷлоутәи алагарҭатә школ, далгоит 1928 шықәсазы. 1930 дласуеит Џьгардатәи быжь шықәсатәи ашкол ахь. Абраҟа ҵарашықәск анынаигӡа, дцоит Аҟәаҟа, дҭалоит Аҟәатәи педагогтә техникум. Далгоит 1935 шықәсазы. Иара убасҟан 1935 рзы, даанахуоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт абызшәеи литературеи рыҟәша. Абраҟа иҵара анихыркуша, 1939 шықәсазы, Баграт Шьынқәба дҵоит Қарҭҟа, дрыдылкылоит Қырҭтәылатәи анаукақәа Ракадемиа иатәу Абызшәаҭҵаара аинститут аспирантураҿ. 1941 шықәсазы, аибашьра ианалага, аамҭала Аԥсныҟа дхынҳәеит , зны аус иуеит рҵаҩыс, нас агазет "Аԥсны Ҟапшь" аредакциаҿ Аԥсуа институтаҿы, Ашәҟәҩҩцәа Реидгылаҿы. 1943 шықәсазы ҩаԥхьа Қарҭҟа дхынҳәуеит, дызҭаз аспирантураҿ иҵара наигӡоит иагьхиркушоит 1944 шықәсазы. Афилологиатә наукақәа дыркандидатуп. Акьыԥхь аҿы дцәырҵуеит 1935 ш. инаркны. 1953-1958 шықәсқәа рзы Б. Шьынқәба Аԥснытәи Ашьҟуҩҩцәа Реидгыла напхгара азиуеит. 1958-1979 ш. рзы Аԥснытәи АССР Иреихаӡоу Асовет Апрезидиум дахантәаҩуп. 1967 Баграт Шьынқәба Аԥсны жәлар рпоет ҳәа аҳаҭыр хьӡы иаҭәаршьоит. 1959, 1978, 1984 шықәсқуа рзы СССР Иреиҳаӡоу Асовет ашҟа депутатс далырхуеит, 1989 шықәсазы - СССР жәлар рдепутатс. Баграт Шьынқәба дакадемикуп; ихҵоуп Кабарда-Балкариеи Адыгьеиаи жәлар рышәҟуҩҩы ҳәа ахьӡ. Ипоезиатә рҿиамҭакуа рзы/ иажәеинраалоу ироман "Ахра ашәа"/ иаҭәашьоуп Д.И. Гәлиа ихьӡ зхыу Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа. 1970 шықәса Баграт Шьынқәба далахун Мадиартәыла имҩаԥысыз Европатәи апоетцәа рфорум.
Жәлар рыбзиабара
Лаҵарамза 18 рзы 2010 ш. Аҟәа, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҟны иаартын Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ибаҟа. Уи аартра иалахәын Аԥсны аиҳабыра, хаҭала апрезидент С.Багаԥшь, уи ихаҭыԥуаҩ А.Анқәаб. Абаҟа аартра иадҳәалаз амитинг мҩаԥигон Аԥсны акультура аминистр Н. Логәуа. Иқәгылеит ашәҟәҩҩцәа реидгыла ахада Т.Ҷаниа, ассоциациа ахада М. Лашәриа, Жәлар реизара ахада Н. Ашәба. Ицәажәоз зегь иазгәарҭон Б.Шьынқәба ипоезиа инаҷыданы акыр зымҽхак ҭбаау уаажәларратә усзуҩны дшыҟаз.
Иусумҭақәа
Раԥхьатәи ашәақуа. Аҟуа, 1938 ш.
Аҳәачаԥа. Аҟәа, 1943 ш.
Аҿатә уаа. Иажәеинраалоу ароман. Альманах. Аҩбатәи аномер. 1951 ш./аҩбатәи аҭыжьра - 1955 шықәсазы, еиҳа ихарҭәаау авариант - 1963 шықәсазы./
Ажәеинраалақуеи апоемқуеи. Аҟәа, 1956 ш.
Иаирума. Амшә куашара. Аҟәа, 1961 ш.
Ахра ашәа. Аҟуа, 1965 ш.
Иҩымҭақуа реизга. Х-томкны. Аҟәа, 1977-1979 шш.
"Иалкаау аԥсуа лирика" асериаҿ. Аҟәа, 1988 ш.
Аиҭагақуа
Бараҭашвили Николоз. Ажәеинраалақуа. Апоема "Аҟәа - Қарҭ", 1984 шықәса.
Шандор Петефи. Иалкаау. Иеиҭаргеит Баграт Шьынқәба М. Лашәриа. Аҟәа, 1995 ш.
Инаукатә усумҭақуа рахьтә.
Аԥсуа жәеинраала аиҿартәышьа иазкны.
Альманах №3. Аҟәа, 1952 ш.
Аусумҭакуа Б.Шинқәба иазкны
Цвинариа В. Л., Творчество Б. В. Шинкуба, Тб., 1970 (Урысшәала)
Алитература
Азхьарԥшқәа
Баграт Шьынқәба изхәыцрақәа
Умҵан, Аԥсуа!
Дыԥсит Аԥсуа поет Баграт Шьынқәба
Шинкуба Баграт Васильевич
Шьынқәба Баграт Уасил-иԥа
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа
Асовет шәҟәыҩҩцәа
Аԥсны апоетцәа
Асовет поетцәа
Аԥсны аполитикцәа
Асовет политикцәа
СССР Иреиҳаӡоу Асовет 5-тәи ааԥхьара адепутатцәа
Аԥсны аҭоурыхдырҩцәа
Асовет ҭоурыхдырҩцәа
Аԥсны алингвистцәа
Асовет лингвистцәа
Шьынқәыраа
1917 шықәсазы ииз
Лаҵарамза 12 рзы ииз
2004 шықәсазы иԥсыз
Жәабранмза 25 рзы иԥсыз |
2189 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%80%D3%A1%D1%8B%D0%BD%D0%B1%D0%B0%2C%20%D0%92%D0%BB%D0%B0%D0%B4%D0%B8%D1%81%D0%BB%D0%B0%D0%B2%20%D0%93%D1%80%D0%B8%D0%B3%D0%BE%D1%80%D0%B8-%D0%B8%D4%A5%D0%B0 | Арӡынба, Владислав Григори-иԥа | Владислав Григори-иԥа Арӡынба (; ; , Ешыра ақыҭа, Аԥснытәи АССР — , Москва, Урыстәыла) — Аԥсуа политик, Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада (1994-2005), Аԥсны Амилаҭтә Фырхаҵа, аҭоурыхҭҵааҩы, абызшәадырҩы, анаукаҭҵааҩы.
Абиографиа
Владислав Григори-иԥа Арӡынба диит лаҵарамза 14 1945 шықәса Арӡынба Григори Қьаамын-иԥеи Иаӡычба Надежда Шьаабан-иԥҳаи рҭаацәараҿы. Анеҩсан быжьшықәса рышьҭахь дииуеит иашьеиҵыб Нодар.
Владислав иаб — далахәын Аџьынџьтәылатә еибашьра ду. Аибашьра ду аԥхьеи, уи ашьҭахьи аус иуан ашкол аҿы. Владислав иаб иман хҩык аишьцәа: аиҳабы ихьӡын Султан, агәыбжьанытә — Миша, реиҵыбӡа — Рауф. Иара убас акыршықәса ашкол аҿы аус лухьан иангьы.
В. Арӡынба раԥхьаӡатәи ишьаҿақәа еихигеит Ешыратәи абжьаратә школ ашҟа. В. Арӡынба агәырҵҟәыл бзиа змаз аҵаҩцәа дреиуан. Уи бзиа ибон ажәеинраалақәа аисахьаркны раԥхьара.
В. Арӡынба ашколаҿ еиҿкааз акәашаратә гәыԥ далан. Ибзианы ицааиуан Кавказтәи акәашарақәа. Иара дызлаз агәыԥ изныкымкәа аолимпиадатә конкурсқәа рҿы аԥхьахәқәа ргахьан.
В. Арӡынба ашкол аҿы аҵара аниҵоз зегь реиҳа игәаҿы иаанхеит аԥсуа бызшәеи алитературеи, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа. Дара ирыбзоуран иидыруаз абызшәақәа.
В. Арӡынба ашкол даналга ашьҭахь 1962 шықәсазы дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогиатә институт аҭоурыхтә факультет.
В. Арӡынба иԥсҭазаараҿ даара инасыԥны аԥхьаӡон Аҟәатәи апедагогигатә институт аҭоурыхтә факультет дахьалгаз. Уи ашколтә ҵара алгара анааигәаха иаб иҭахын Қарҭтәи ауниверситет аекономикатә факультет дҭаларц. Аха уи игәамыԥхеит аҵара аҭалараан аԥышәарақәа рҭиуан урыс бызшәала, нас ақырҭуа бызшәахь иахьасуаз. Убри мацара иахырҟьаны иҷкәын уахь дцаны иҵара мап ацәикит.
В. Арӡынба иара убас инасыԥ дуны иԥхьаӡон дара ркурсаҿ алекциақәа иахьрыԥхьоуз зегь иреиҳаз аҵарауаа. Урҭ иреиуан: Аԥсны археолог Михаил Мамеҭ-иԥа Траԥшь, аҭоурых ҭҵааҩы Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа, аԥсуа етнограф аҵарауаҩ ду Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа.
Анаукатә ҭҵаара
В. Арӡынба иҵара даналга ашьҭахь дҭалоит аспирантура мрагыларатәи Академиа. Ари аҵараиурҭаҿ аус иуан 1969 инаркны 1988. В. Арӡынба хықәкыла иҭиҵааун имаҷу Азиа иадҳәалоу аҭоурыхи, акультуреи, урҭ ажәларқәа ирыдҳәалоу арелигиатә нцәахаҵарақәуеи, еиҳарак хаттааи хеттааи ирыдҳәалаз.
1971 шықәсазы В. Арӡынба ихьчоит икандидаттә дисерациа, 1985 шықәсазы идоктортә дисертациа.
1987 шықәсазы уи напхгара азиуан Ажәытә Мрагыларатәи аинститут акультуреи аидеиалогиеи сектор аҟәшаҿы, аха рацәак дынгылуом, дхынҳәуеит иԥсадгьыл ахь. Ара дахьааиз Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҭҵааратә институт хадара азиуеит 1999 шықәсанӡа.
Аԥсны раԥхьатәи аԥыза Москва аус иуанаҵы иԥсадгьыл хылаԥшрада инижьуамызт, уи иара дшадҳәалаз дадҳәалан. Аԥсныҟа данаалак акабинет дыҩнатәаны мацара акәымкәа, Аԥсны аҵарауааи иусуцәеи дрыҿцәажәон, уи еиликаауан урҭ ирыгыз ирыбзаз.
Иусқәа инарымаданы ирацәаны имҩаԥигон археологиатә ҭҵааратә експедициақәа Аԥсны атерриториаҿы. Аԥсны усҟантәи аамҭаз хадара шазиимуазгьы ижәлар ирацәаны дрыцхраауан. Дрыцхраауан аԥсуа ҵарауаа рыстатиақәеи ржурналқәеи акьыԥхь рарбараҿы. Акы рдицхрааит аԥсуа ҵарауаҩ Ш. Д. Инал-иԥа иҭыҵыз ишәҟәы «Вопросы этнокультурной истории абхазов» ҳәа хыс измаз иахҟьаны иӷәӷәаз авба ахьирҭаз аҟнытә. Иара убас иџьабаа дуқәа ируакуп Аԥсны ахәынҭқарра даныпрезидентха ижәлар рыԥсҭазаараҿ ихадара дуны иҟалеит Аԥсны анаука Академиа аԥҵара.
Уи иџьабаа кыр ишарацәазгьы ижәлар рҿаԥхьа, имаҷым иџьабаа аҭҵааратә усурақәа рыҿгьы.
Иҭҵааратә усурақәеи имонографиақәеи иреиоуп:
Ашәҟәқәа
Ардзинба В. Г. Ритуалы и мифы древней Анатолии / отв. ред. В. В. Иванов. — М.: Наука: Главная редакция восточной литературы, 1982.
Маккуин Дж. Г. Хетты и их современники в Малой Азии / под ред. и послесловие В. Г. Ардзинба. — М.: Наука, 1983
Пиотровский Б. Б., Иванов В. В., Ардзинба В. Г. Древняя Анатолия. — М., 1985
Астатиақәа
Ардзинба В. Г. К вопросу о хеттском царе и «царице-матери» // Сборник статей преподавателей и аспирантов Сухгоспедиинститута. — Сухуми: Алашара, 1970. — С. 86—107.
Ардзинба В. Г. Заметки к текстам хеттских ритуалов // Вестник древней истории. — 1977. — № 3. — С. 118—132.
Ardzinba V. G. Some Notes on the Typological Affinity Between Hattian and North-West Caucasian (Abkhazo-Adygian) Languages. In: "International Tagung der Keilschriftforscher der sozialistischen Länder" (англ.) // Zusammenfassung der Vorträge. — Budapest, 1974. — 25 April. — P. 10—15.
Ардзинба В. Г. Некоторые сходные структурные признаки хаттского и абхазо-адыгского языков // Переднеазиатский сборник. — М.: Наука: Главная редакция восточной литературы, 1979. — Т. III: История и филология стран Древнего Востока. — С. 26—37.
Ардзинба В. Г. Хурритский рассказ об охотнике Кесси // Кавказско-ближневосточный сборник. — Тб., 1984. — Вып. VII. — С. 61—73.
Ардзинба В. Г. Нартский сюжет о рождении героя из камня // Древняя Анатолия. — М.: Наука, 1985. — С. 128—168.
Ардзинба В. Г. Из наблюдений над §168 хеттских законов // Šulmu. — Prague, 1986.
Ардзинба В. Г. Хеттская дипломатия // Межгосударственные отношения и дипломатия на Древнем Востоке. — М., 1987. — С. 90—131.
Ардзинба В. Г. Послесловие // О. Герни. Хетты. — М.: Наука, 1987. — С. 192—222.
Ардзинба В. Г. Приметы образа «пастуха» абхазских нартских сказаний // Труды Абхазского государственного университета. — 1987. — Т. 5. — С. 131—135.
Ардзинба В. Г. Хеттская культура, религия и искусство // История Древнего Востока, часть вторая. — М., 1988.
Ардзинба В. Г. История Малой Азии // История стран Востока. — М.: Высшая школа, 1988.
Ардзинба В. Г. К истории имени, функции и образа общезападнокавказского бога кузнеца // Медные рудники Западного Кавказа III-I тыс. до н.э. и их роль в горно-металлургическом производстве древнего населения. Тезисы докладов Башкапсарского полевого археологического семинара. — Сухуми, 1988. — С. 62—64.
Ардзинба В. Г. К истории культа железа и кузнечного ремесла (почитание кузницы у абхазов) // Древний Восток: этнокультурные связи. — М.: Наука: Главная редакция восточной литературы, 1988. — С. 263—306.
Ардзинба В. Г. Цивилизации древней Малой Азии // Древние цивилизации. — М.: Мысль, 1989.
Ардзинба В. Г. Приметы образа «пастуха» абхазских нартских сказаний // Абхазоведение. Язык. Фольклор. Литература. — Сухум, 2006. — Вып. II. — С. 128—137.
В. Арӡынба иҭҵааратә усумҭақәа зегьы инхоит хьтәы рахәыцны аԥсуаа рыԥсҭазаараҿы.
Иполитикатә усура Асовет аамҭазы
В. Арӡынба 1989 ш. инаркны 1991 ш. дыҟан СССР жәлар депутатны, иара убас СССР Иреиҳаӡоу Амилаҭтә хеилак алахәылас. Уаҟа диабдруеит академик А. Сахоров. Уи иабадырра В. Арӡынба иԥсҭазаараҿ даара анырра ду ҟанаҵеит.
Актәи иқәгылараҿ жәлар депутатцәа рысездаҿ В. Арӡынба иқәиргылеит азҵаара имаҿу амилаҭқәа реиқәырхара ититултәу амилаҭқәа СССР иалоу 15 ҳәынҭқарра рҿаԥхьа. Уи ицәажәараҿ ирылеиҳәоит рыбжьара иҟаз аиқәшаҳаҭра иахәаԥшны автономтә республикақәа аҳәынҭқарра дуқәа ирылҵны рхала иҟаларац азы. Иара убас уи иҿцәажәараҿ иааган ҿырԥштәыс Аԥсны ССР Қырҭтәыла ССР 1921-1936 ш.ш. ирибжьаз аиқәшаҳаҭра.
Аԥсны аполитикатә напхгара
1990 ш. В. Арӡынба далхын Аԥсны Асср иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс. Убри аамҭазы Қырҭтәыла иреиҳаӡоу Асовет иҟанаҵеит алаҳәара автономтә Милаҭәқәа раԥыхра аҳәынҭқарра аҩныҵҟа. 1992 шықәсазы Аԥсны иҟанаҵеит аҭак 1972 шықәсазтәи аконституциа амчра шацәыӡуа, 1925 шықәсазы ирыдкылаз аконституциа аҽазнык амчра шаиоуа, уа ишазгәаҭаз ала Аԥсны иашьаратә республикан СССР иахьалаз.
СССР аилаҳамҭаз В. Арӡынба дықәгыланы ирылаиҳәоит зхы иақәиҭу ҳәынҭқарран иҟаларц азы, иара убас уи иҟаиҵеит раԥхьатәи ашьаҿақәа Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аиҟарара рымазарц.
В. Арӡынба 1992-1993 шықәсқәа рзы дҟаҵан Аҳәынҭқарра акомитет амилаҭ - хақәиҭтәра азықәԥара ахантәаҩыс. Ақырҭуеи-аԥсуеи реибашьра алагамҭаз В. Арӡынба ижәлар рахь иҟаиҵоит ааԥхьара: «Мы должны выстоять в этот трудный час, и мы выстоим, мы нанесем поражение тем, кто сеет смерть и разрушение в Абхазии».
Арҭ иажәақәа рнаҩс В. Арӡынба ижәлар ириҭоит адҵа инаскьарц аӡиас Гәмысҭа аладахьы ақалақь Аҟәа ааха ӷәӷәа амоурц азы. Аха усҟантәи аамҭаз Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара иҟаз аиҿцәажәара лыҵшәадахеит, ақалақь иаиоуит ааха ӷәӷәа.
Аибашьра анеилга ашьҭахь В. Арӡынба ишьаҿақәа еихигоит Урыстәылеи Аԥсни реизааигәахара, иара убас урҭ аиқәшаҳаҭра рыбжьаларц Урыстәыла ар аганахь ала.
1994 шықәсазы абҵарамза 26 рзы 12 тәи асесиаҿы ирылаҳәан зхы иакәиҭу ҳәынҭқарранны аҟалара иагьԥҵан иҿыцу аконституциа. Уи иақәшәо Аԥсны иҟалеит ипртзидентә ҳәынҭқарран. Иаразнак асовет аӡбарала, усҟантәи аамҭаз хантәаҩыс иҟаз, В. Арӡынба Аԥсны аҳәынҭқарра президентыс далхын. Уи ашықсан 1997 ш. ԥхәынчкәынмза 6 идикилеит аиноугурациа.
Урыстәыла Афедерациа ашәарҭара амаӡаныҟәагаҩ ихаҭыԥуаҩ Борис Березовски изныкымкәа иҽазышәахьан иазаагара, аха зегьы лыҵшәадахеит. Иара хаҭала, мамзаргьы усҟантәи аамҭаз имаз хантәаҩс Анри Џьергьениеи иареи иалахәын ақырҭуеи-аԥсвеи реидыслара аҭышәантәалара иазкыз аиҿцәажәарақәа ООН абжьа ҟазареи Урыстәылеи рыбжьара.
1999 шықәсазы жьҭаарамза 3 рзы раԥхьатәи жәларзегьтәи абжьыҭираан В. Арӡынба аҽазнык далхын Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас.
Аԥсны раԥхьаӡатәи ахада иԥсҭазаара алҵра
Аха иоуз ачымазара иахҟьаны, уи дзазымиааикәа иԥсҭазаара далҵуеит 2010 ш. хәажәкырамза 4 рзы. Уи даара итрагедиа духеит аԥсуа жәлар рзы. Уи анышә дамадоуп дахьиз дахьааӡаз Ешыра ақыҭа, иԥсадгьыл аҵеицәа рааигәара.
Иҭаацәара
Иԥшәма — Светлана Ирадион-иԥҳа Џьергениа;
Иԥҳа — Мадина.
Абиблиографиа
Моя жизнь (1945—2010). Воспоминания — Аҟәа. Фонд Первого Президента Республики Абхазия, 2018. — 512 с.
Азхьарԥшқәа
Официальный сайт памяти Владислава Ардзинба
ПРЕЗИДЕНТЫ АБХАЗИИ — Владислав Ардзинба (1994—2005)
01
Аԥсны аполитикцәа
КПСС алахәылацәа
Асовет ҭоурыхдырҩцәа
Аԥсны аҭоурыхдырҩцәа
Асовет лингвистцәа
Аԥсны алингвистцәа
Аԥсны афырхацәа
Арӡынаа
1945 шықәсазы ииз
Лаҵарамза 14 рзы ииз
2010 шықәсазы иԥсыз
Хәажәкырамза 4 рзы иԥсыз |
2202 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%81%D0%BD%D1%8B%20%D0%90%D2%B3%D3%99%D1%8B%D0%BD%D2%AD%D2%9B%D0%B0%D1%80%D1%80%D0%B0%20%D0%90%D0%BA%D0%BE%D0%BD%D1%81%D1%82%D0%B8%D1%82%D1%83%D1%86%D0%B8%D0%B0 | Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа | Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа — 1994 шықәса абҵара 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара 12-тәи ааԥхьара иаднакылеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларызегьтәи бжьыҭирала иақәшаҳаҭхеит 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларызегьтәи абжьыҭира (ареферендум) аан ирыдыркылаз аԥсахра алагаланы.
ақ. Аҟәа, 2001 ш.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АКОНСТИТУЦИА
Ҳарҭ, Аԥсны жәлар, ҳхатәҳәаақәҵаратә зин аԥсҭазаара иаларҵәо, жәлары зегьы рзы насыԥла аԥсҭазаареи аҩныҵҟатә гәҭынчреи ҳарзықәԥо, ауаҩы изинқәеи, ихақәиҭрақәеи, ауаажәларратә ҳәоуеиқәшәареи шьақәырӷәӷәо, гәеизҳарала ирылаҳҳәоит, иагьышьақәҳаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа.
АКТӘИ АХЫ. АКОНСТИТУЦИАТӘ ШЬАҚӘГЫЛАШЬА АШЬАҬАҚӘА
АХӘҬАҶ 1. Аԥсны - жәлар рхатәҳәаақәҵаратә зин инақәыршәаны, ҭоурыхла ишьақәгылаз, суверентә, демократиатә, зинтә ҳәынҭқарроуп. Ахьыӡқәа "Аԥсны" ("Аԥсны Аҳәынҭқарра"), "Республика Абхазия" ҵакыла акоуп, еиҟароуп.
АХӘҬАҶ 2. Ажәлармчра - Аԥсны аҳәынҭқарратә мчра шьаҭас иамоуп. Аԥсны асуверенитет ныҟәгаҩыси уи амчра хыҵхырҭаси иамоу Аԥсныжәлар роуп. Ажәлар рымчра аԥсҭазаара иаладырҵәоит дара рхала ма рхаҭарнакцәа рыла.
АХӘҬАҶ 3. Аԥсны – жәларбжьаратәи азин иалахәу – егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи иареи рыбжьара ишьақәнаргылоит аиқәшаҳаҭратә еизыҟазаашьақәа. Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵашьеи, акьыԥхь рарбашьеи, рышьақәырӷәӷәашьеи, рԥыргашьеи шьақәыргылахоит закәанла.
АХӘҬАҶ 4. Аԥсны шьақәгылоуп араионқәеи (Гагратәи, Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи, Гәылрыԥшьтәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Галтәи) ақалақьқәеи (Гагра, Гәдоуҭа, Афон Ҿыц, Аҟәа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал) зҵазкуа аҭоурыхтә дгьылқәа Саӡны, Бзыԥын, Гәма, Дал-Ҵабал, Абжьыуа, Самырзаҟан рыла. Аԥсны иаку, лакьысра зқәым, зыцәгара ҟамло тәылоуп.
АХӘҬАҶ 5. Адгьыли егьырҭ аԥсабаратә аагарҭақәеи ажәлар ирхатәуп, Аԥсны аҩныҵҟа урҭ рхы иадырхәоит иагьырыхьчоит ажәлар рыԥсҭазаареи рџьауси шьаҭас изларымоу ала. Аԥсабаратә аагарҭақәа рныҟәгашьеи рхархәашьеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рҭыԥ иқәҵахоит Аԥсны азакәанқәа рыла.
АХӘҬАҶ 6. Аԥсны ҳәынҭқарра бызшәас иамоуп аԥсуа бызшәа. Аурыс бызшәа, аԥсуа бызшәа инаваргыланы, аҳәынҭқарратәии егьырҭ еиуеиԥшым аусҳәарҭақәеи рыҟны ахархәара амоуп. Аԥсны иқәынхо егьырҭ ажәлар гәыԥқәа зегьы рхатәы бызшәа иақәиҭны ахархәара аҳәынҭқарра азин рнаҭоит.
АХӘҬАҶ 7. Аҳәынҭқарратә мчра Аԥсны имҩаԥгахоит азакәанԥҵаратәи, анагӡаратәи, аӡбаратәи мчрақәа рыла еихшаны. Азакәанԥҵаратәи, анагӡаратәи, аӡбаратәи - ихьыԥшым мчрақәоуп.
АХӘҬАҶ 8. Аԥсны ахархәара аманы иршьоит иагьалдыршоит аҭыԥантәи ахаланапхгара, иара азинмчхарақәа рыҩныҵҟа ахақәиҭра аманы. Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа реилазаара иалаӡам.
АХӘҬАҶ 9. Абри Аконституциа иреиҳаӡоу азинтә мчра амоуп. Аԥсны ирыдыркыло азакәанқәеи егьырҭ азинтә нҵақәеи Аконституциа иашьашәалазароуп.
АХӘҬАҶ 10. Аԥсны ахатә ҳәынҭқарратә символика амоуп - аҳәынҭқарратә бираҟ, адырга, ахьыӡрашәа - урҭ шеиқәыршәатәу шьақәдыргылоит Аконституциатә закәанқәа рыла. Аҟәа (Сухум) - Аԥсны иаҳҭнықалақьуп.
АҨБАТӘИ АХЫ. АУАҨИ АТӘЫЛАУАҨИ РЗИНҚӘЕИ РХАҚӘИҬРАҚӘЕИ
АХӘҬАҶ 11. Аԥсны рықәшаҳаҭуп иагьахьчоит ауаҩы изинқәа Еицырзеиԥшу Адекларациеи, аекономикатә, асоциалтә, аполитикатә, акультуратә, атәылауаҩратә зинқәа ирзынархоу Жәларбжьаратәи Апактқәеи, иара убас егьырҭ еицеиқәшаҳаҭны ирыдыркылахьоу жәларбжьаратә-зинтә нҵақәа зегьы рыҟны иарбоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи.
АХӘҬАҶ 12. Ауаҩы ицшоуп ихадароу азинқәеи ахақәиҭрақәеи. Дарбанзаалак ауаҩы дшоуп ихы дақәиҭны. Азакәани аӡбареи рҿаԥхьа зегьы еиҟароуп милаҭлеи, хаҵалеи, ԥҳәыслеи, бызшәалеи, хылҵшьҭралеи, маллеи, маҵуралеи, нхарҭа ҭыԥлеи, динлеи, дунеихәаԥшышьалеи, идеологиалеи, цәаԥшшәахәылеи ҳәа еилых ҟамҵакәа.
АХӘҬАҶ 13. Ауаҩы ԥсабарала имоуп аԥсҭазаареи, ахақәиҭреи, ахатә мали, аӡә диламкьысуа аҟазаареи рзин.
АХӘҬАҶ 14. Дарбанзаалак ауаҩы ихатә ԥсҭазаареи, ихатәи, иҭаацәаратә маӡеи, ихьӡ-иԥша ахьчареи, инамыси, идинхаҵареи, ирҿиаратә уси, ихәыцреи, иажәеи, идунеихәаԥшышьеи дрықәиҭуп.
АХӘҬАҶ 15. Дарбанзаалак ауаҩы ирҳәацәара, иргәаҟра, иаҳаҭыр аларҟәра, иакәым иақәыршәара залшом.
АХӘҬАҶ 16. Дарбанзаалак ауаҩы дақәиҭуп дахьцо-дахьаауа, иҭыӡҭыԥ алхра, шәҟәыла-быӷьшәыла, егьырҭ ацҳаражәҳәарақәа рыла аимадара амаӡа.
АХӘҬАҶ 17. Ауаа зегьы ахеидкылареи, аҭынчратә еизарақәеи, аицымҩасрақәеи рымҩаԥгара азин рымоуп.
АХӘҬАҶ 18. Аконституциатә шьақәгылашьа мчыла аԥсахра, аҳәынҭқарра ашәарҭа аҭаргылара, бџьарла еибыҭоу архәҭақәа реиҿкаара, ауаа социалла, милаҭла, динла реичырчара хықәкыс измоу ауаажәларратә хеидкылақәеи, апартиақәеи, аҵысрақәеи реиҿкаара ҟалом.
АХӘҬАҶ 19. Дарбанзаалак ауаҩы дрықәиҭуп аҩны-агәара, аекономикатә, аџьатә хақәиҭра, аҵарадырра, аԥсшьара, ахәшәтәыратә цхыраара, асоциалтә маншәалара.
АХӘҬАҶ 20. Ауаҩы иҩны-игәара лакьысра ақәым. Аӡәгьы азин имам, изтәу дазыразымкәа, иҩны аҩналара, закәанла ианышьақәыргылои аусӡбара азин анинаҭои рыда.
АХӘҬАҶ 21. Дарбанзаалак ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи аҳәынҭқарреи аусӡбареи ишырыхьчо ала агәрагара имазароуп.
АХӘҬАҶ 22. Аԥсны аус ауеит ахарадара апрезумпциа. Ахара здырҵо хара имам хәа дыԥхьаӡоуп, ахара шиду еилкаахаанӡа, азакәантә мчы зоухьоу аусӡбаратә лахьыҭарала ишьақәыргылахаанӡа. Ахара здырҵо ахара шидым ашьақәырӷәӷәара иара иуалӡам.
АХӘҬАҶ 23. Дарбанзаалак иаанкылоу ма иҭаку ауаҩы, данааныркыла ма данҭарк инаркны, азин имоуп адукат ицхыраара ихы иаирхәар, азин имоуп иара убас идукат дыҟамкәа иҿахәы римҭар.
АХӘҬАҶ 24. Иҟаиҵаз ацәгьоуразы аҵыхәтәантәи ахарадҵарала ахара здырҵахьоу дарбанзаалак иара убри ацәгьоуразы еиҭа иусӡбара залшом.
АХӘҬАҶ 25. Аҭакԥхықәра шьақәзыргыло ма изырымчуа азакәан ҿыц ииасхьоу аус аилыргараан мчы амаӡам.
АХӘҬАҶ 26. Дарбанзаалак азин имоуп аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи амаҵурауааи закәандарала иахьизныҟәаз иахҟьаны иоуз аԥырхага аҳәынҭқаррала ахарҭәаара.
АХӘҬАҶ 27. Аԥсны атәылауаҩ ҳәа иԥхьаӡоу ари ахьӡ зихыххом, итәыла дзалцахом, насгьы даҽа ҳәынҭқаррак дзаҭахом.
Аԥсны иара атәылауаа агәра днаргоит, урҭ атәыла анҭыҵгьы ишахьчо, ишырхылаԥшуа.
АХӘҬАҶ 28. Жәаа шықәса зхыҵыз Аԥсны атәылауаҩ абри Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи ишьақәдыргылаз азинқәеи ауалԥшьақәеи зегьы инагӡаны инапаҿы иҟоуп.
АХӘҬАҶ 29. Аԥсны атәылауааи уи иқәынхо зегьи ируалуп азакәан инақәыршәаны ашәахтәқәа ршәара.
АХӘҬАҶ 30. Аԥсны иҟоу дарбанзаалак иуалуп Аԥсны азакәанқәеи Аконституциеи рықәныҟәара.
АХӘҬАҶ 31. Дарбанзаалак ауаҩы иуалуп егьырҭ ауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи ҳаҭыр рықәҵара.
АХӘҬАҶ 32. Дарбанзаалак ауаҩы иуалуп иааикәыршаны иҟоу аԥсабара аи3аҳареи ахьчареи.
АХӘҬАҶ 33. Аԥсадгьыл ахьчара Аԥсны атәылауаа зегьы ируалԥшьоуп.
АХӘҬАҶ 34. Аконституциаҿы иалкаау зинқәак реиқәыԥхьаӡара иаанагом ажәларбжьаратә-зинтә нҵақәа рыла еицрыдыркылаз егьырҭ азинқәа мап рыцәктәуп ма иларҟәтәуп ҳәа.
АХӘҬАҶ 35. Аԥсны ирыдрымкылароуп егьҭырмыжьроуп ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи аԥызхуа ма илазырҟәуа закәанк иадамхаргьы.
Азинқәеи ахақәиҭрақәеи рыԥкрақәак алагалазар ҟалоит конституциатә закәан мацарала Аконституциатә шьақәгылашьа ахьчаразы, ашәарҭадареи ауаажәларратә еиҿкаареи рырӷәӷәаразы, ауаҩы игәабзиареи инамыси рыхьчаразы, иара убасгьы аԥсабаратә рыцҳарақәеи, иҷыдоу ма аибашьратә ҭагылазаашьа аан.
АХԤАТӘИ АХЫ. АЗАКӘАНԤҴАРАТӘ МЧРА
АХӘҬАҶ 36. Ари Аконституциа ишьақәнаргылаз азакәанԥҵаратә зинмчхарақәа зегьы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент имҩаԥнагоит.
АХӘҬАҶ 37. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент шьақәгылоуп 35-ҩык адепутатцәа рыла.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит зегьы еицырзеиԥшу, еиҟароу, изныктәиу алхратә зинтә шьаҭа инақәыршәаны, маӡа бжьыҭирала.
Жәлар Реизара азинмчхарақәа ҿҳәарас ирымоуп хәы-шықәса.
Жәлар Реизара адепутатцәа ралхшьа аԥҟарақәа шьақәнаргылоит аконституциатә закәан.
АХӘҬАҶ 38. Аԥсны Жәлар Реизара депутатны дҟалар илшоит 25-шықәса зхыҵуа, алхратә зин змоу дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩ.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ма Аминистрцәа Реилазаара иалахәу, насгьы аҳәынҭқарратә усбарҭа аилазаареи аӡбаратә усҳәарҭақәеи ирыҵанакуа амаҵураҭыԥқәа аанызкыло, мамзаргьы аԥара зхыршәаауа даҽа усурак знапы алаку, арҵаҩратә, анаукатә, арҿиаратә усура аламҵакәа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент алахәхара илшом.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Жәлар Реизараҿы имҩаԥырго русуразы Аԥсны Аҳәынҭқарра ирзоунажьуеит рџьабааԥса.
АХӘҬАҶ 39. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рылакьысра зинӡам урҭ рымчхара аҿҳәара ааиаанӡа. Урҭ раанкылара, рҭакра, реимдара азин ыҟам, ацәгьара ахьыруыз аҭыԥ аҿы иаанкыламзар, иара убасгьы хаҭала ргәаҭара залшом, егьырҭ ауаа ашәарҭа иҭазыргыло дара акгьы рыдбаламзар. Рыламкьысра аԥыхра азҵаара Аԥсны Жәлар Реизара иаӡбоит.
АХӘҬАҶ 40. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа руалԥшьа анагӡараҿы ралхцәа рыдҵала иҿаҳәахарц залшом.
АХӘҬАҶ 41. Ҿыц иалху Аԥсны Жәлар Реизара раԥхьатәи аилатәара ааиԥхьоит Аԥсны Ахада алхрақәа рышьҭахь мызкы аҩныҵҟала.
АХӘҬАҶ 42. Аԥсны Жәлар Реизара иара аилазаара аҟынтәи иалнахуеит Аиҳаби уи ихаҭыԥуааи егьырҭ амаҵурауааи, еиҿнакаауеит акомиссиақәеи аилакқәеи.
Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Аԥсны Жәлар Реизара аилатәарақәа мҩаԥигоит, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рзинмчхарақәа рынагӡараҿы ацхыраара риҭоит, иаҭаху адыррақәа рыла еиқәиршәоит, Аԥсны Жәлар Реизара ақәҵарақәа инапы рыҵаиҩуеит.
Аиҳабы далырхаанӡа ҿыц еиҿкаау Аԥсны Жәлар Реизара раԥхьатәи аилатәара мҩаԥигоит қәрала дара зегьы иреиҳабу Аԥсны Жәлар Реизара адепутат.
АХӘҬАҶ 43. Ҿыц иалху Аԥсны Жәлар Реизара аусура ианалага инаркны уанӡатәи Аԥсны Жәлар Реизара азинмчхарақәа нҵәоит.
Аԥсны Жәлар Реизара имҩаԥнагоит шықәсык ҩ-еилатәарак (ааԥынтәи аилатәара, ҭагалантәи аилатәара).
Аԥсны Жәлар Реизара аусушьа аԥҟара иҳәаақәнаҵоит.
АХӘҬАҶ 44. Аԥсны Жәлар Реизара иаднакыло иарбанзаалак аӡбамҭазы иаҭаху адепутатцәа рхыԥхьаӡара ыҟазароуп. Азакәанԥҵаратә нҵақәа рыдкыларазы, ҷыдала Аконституциа иазгәанаҭаз акы акәымзар, иҟазароуп Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтә реиҳараҩык. Аконституциатә закәани даҽа закәанқәаки рыдкылара аан иҟазароуп ахԥа рыҩхәҭак ирыҵаркуа рбыжьқәа Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә.
АХӘҬАҶ 45. Аԥсны Жәлар Реизара иаднакылаз иарбан закәанпроектзаалак Аԥсны Ахада изнагалатәуп.
Аԥсны Ахада инапы аҵаиҩыр, уи азакәанапроект акьыԥхь иарбахоит Аԥсны Жәлар Реизара ианаднакылаз инаркны жәохә мшы рыҩныҵҟала.
Азакәан амч аиуеит ианыркьыԥхь инаркны, еиҳа ихьшәаны азакәан амч аиура, азакәан ахаҭа ианышьақәнаргыло ада.
Азакәанапроект Аԥсны Ахада дақәшаҳаҭымзар, уи Аԥсны Жәлар Реизарахь иргьежьуеит, дзықәшаҳаҭым азгәаҭаны. Аҩынтәтәи ахәаԥшраан ахԥа рыҩхәҭак ирыҵаркуа абжьқәа рыла азакәанапроект рыдыркылазар, Аԥсны Ахада инапы аҵаиҩыроуп, иагьҭижьроуп.
Аԥсны Ахада азакәанапроект аниоу инаркны жәамш рыҩнуҵҟала Жәлар Реизарахь имыргьежьзар, усҟан азакәанӡбатә закәанхоит, Аԥсны Ахада инапы аҵаиҩызар еиԥш. Азакәанӡбатә закәанхаӡом аилатәара ахгара иахҟьаны Аԥсны Ахада Жәлар Реизарахь измыргьежьзар.
АХӘҬАҶ 46. Аԥсны Жәлар Реизараҿы азакәанԥҵаратә ԥшьгара азин рымоуп Жәлар Реизара адепутатцәеи, Аԥсны Ахадеи, Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбареи, Аԥсны Апрокурор Хадеи.
АХӘҬАҶ 47. Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара:
1) иаднакылоит Аконституциеи Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи;
2) иаднакылоит аҭыԥантәи аҳәаақәа рыԥсахрақәа ирызку ақәҵарақәа;
3) иазыӡырҩуеит атәылаҿы ҭагылазаашьас иҟоуи, аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәеи, нас урҭ рымҩаԥгареи ирызку Аԥсны Ахада инашьҭымҭақәа;
4) иахәаԥшуеит егьышьақәнарӷәӷәоит аҳәынҭқарра абиуџьет, уи анагӡарагьы хылаԥшра азнауеит;
5) иаднакылоит ашьауӷатә, ашьауӷатә-усеилыргаратә, амҩақәҵаратә-џьатә, атәылауаҩратә, атәылауаҩратә-усеилыргаратә, аиныршәаратә уҳәа азакәанԥҵарақәа, аӡбареиҿкаареи апрокуратуреи ирызку азҵаарақәа;
6) имҩаԥнагоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи реилыркаара иазку аусқәа;
7) ишьақәнаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи, аҳаҭыртә, арратә хьӡалкаақәеи;
8) ишьақәнарӷәӷәоит, ишыԥнарго рыланаҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа;
9) иалнахуеит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳаби уи ихаҭыԥуааи;
10) амаҵура ианаҭоит, рхы иақәиҭнатәуеит, азакәан инақәыршәаны, Аԥсны Ахада иқәиргыло Апрокурор Хадеи, Амилаҭтә банк Ахантәаҩи, егьырҭ амаҵурауааи;
11) иаднакылоит Аминистрцәа Реилазаара иалахәу џьоукы бжьыҭирала иӡбоу рыгәрамгара рылаҳәара иазку ақәҵарақәа;
12) Аԥсны Ахада ахара иднаҵоит уи имаҵура нижьразы;
13) ирыланаҳәоит амнистиа;
14) иаӡбоит аибашьра рылаҳәареи аинышәара рыбжьаҵареи ирызку азҵаатәқәа;
15) иаӡбоит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыламкьысра азҵаатәқәа;
16) иаӡбоит и3ыдоу аҭагылазаашьеи аибашьратә ҭагылазаашьеи ралагалара ахьынӡазинрку;
17) инанагӡоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи иадырҵо егьырҭ азинмчхарақәа.
АԤШЬБАТӘИ АХЫ. АНАГӠАРАТӘ МЧРА
АХӘҬАҶ 48. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟа анагӡаратә мчра Аԥсны Ахада имадоуп.
Аԥсны Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра хыс дамоуп.
АХӘҬАҶ 49. Аԥсны Ахада иалхра мҩаԥысуеит зегьы еицырзеиԥшу, еиҟароу, изныктәиу алхратә зин ашьаҭала, маӡа бжьыҭирала, хәы-шықәса аҿҳәара аҭаны.
Аԥсны Ахадас далырхуеит милаҭла иаԥсыуоу, 35-шықәса иреиҵамкәа, қџ-шықәса иреиҳамкәа изхыҵуа, алхра азин змоу Аԥсны атәылауаҩ.
Аԥсны Ахадас аӡәы инеиԥынкыланы ҩ-ҿҳәарак иреиҳаны иалхра залшом.
АХӘҬАҶ 50. Аԥсны Ахада имчхарақәа рынагӡара далагоит ҭоуба аниуы инаркны, имчхарақәа рынагӡара даҟәыҵуеит иҿҳәара анааилак, ҿыц иалху Аԥсны Ахада ҭоуба аниуы инаркны.
Аԥсны Ахада иалхшьеи иалхра аҿҳәареи шьақәыргылахоит конституциатә закәанла.
АХӘҬАҶ 51. Аԥсны Ахада имаҵура данахагыло, Аԥсны Жәлар Реизараҿы ҭоуба иуеит Иреиҳаӡоу Аӡбара аӡбаҩцәа адԥхьаланы. Аҭоуба атекст Жәлар Реизара ишьақәнарӷәӷәоит.
АХӘҬАҶ 52. Аԥсны Ахада изинмчхарақәа неигӡонаҵы, аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә хеидкыларақәеи иҽрылаирхәуам.
Аԥсны Ахада Жәлар Реизара дадепутатӡам, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усбарҭақәа ирыҵаркәа иарбанзаалак даҽа маҵурак идикылар ҟалом, ахаԥшьгаратә налаҵаны.
Аԥсны Ахада ишьақәыргылоу аҿҳәарақәа раан иусуразы ианашьахоит иџьабааԥса Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтә.
АХӘҬАҶ 53. Аԥсны Ахада:
1) дырхылаԥшуеит ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи, Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи, уи ажәларбжьаратә хыдҵақәеи рынагӡашьа;
2) иҳәаақәиҵоит аҩнуҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа;
3) аҳәынҭқарра дахаҭарнакуп ажәларбжьаратә усқәа рҟны;
4) инапы рыҵаиҩуеит аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа;
5) имҩаԥигоит Аԥсны ашәарҭадареи аҳәаақәа рыламкьысреи рзы иаҭаху аусқәа, еиҿикаауеит, хадарагьы азиуеит зыстатус закәанла иҳәаақәҵахо Ашәарҭадара Асовет;
6) ишьақәирӷәӷәоит Аԥсны аибашьратә доктрина;
7) Аԥсны Ар Ԥызас дрымоуп;
8) аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи жәларбжьаратәи еиҿкаарақәеи рҟны Аԥсны адипломатиатә хаҭарнакцәа ықәиргылоит, ирхынҳәуеит;
9) ишьақәирӷәӷәоит аҳәынҭқарратә, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә, амилаҭтә ҿиара апрограммақәа;
10) Аԥсны иахьаҵанакуа иалиршоит афинанстә, акредиттә политикеи, анаука, аҵараиура, акультура, агәабзиара, аекологиа, асоциалтә еиқәшәара ирыдҳәалоу аполитикеи рымҩаԥгара;
11) иалиршоит атәылауаҩра, ахатә мал азыҟазаашьақәа, абиуџьет-финанстә система, ашәахтәқәҵара, иааҳакәыршан иҟоу аԥсабара ахьчара, аҳәынҭқарратә маҵура рызҵаарақәа иаку рзакәанԥҵаратә мҩақәҵара;
12) Жәлар Реизара аилатәарақәа рылатәара азин имоуп, ианааиҭаххо аамҭазгьы ажәа иҭалатәуп;
13) атәылауаа ршәарҭадара ахьчаразы, азакәан инақәыршәаны Аԥсны иалеигалоит а3ыдаҭагылазаашьеи аибашьратә ҭагылазаашьеи, убри анаҩс урҭ аҭагылазаашьақәа Жәлар Реизара ишьақәнарӷәӷәоит;
14) Аԥсны Жәлар Реизараҿы иара изинмчхарақәа инарықәыршәаны иқәиргылоит Амилаҭтә банк Ахантәаҩи, Апрокурор Хадеи, егьырҭ амаҵурауааи ркандидатурақәа, иара убас Жәлар Реизара иалеигалоит урҭ рхы рақәиҭтәра азҵаарагьы;
15) ишьақәиргылоит Жәлар Реизарахь алхрақәа рымҩаԥгара;
16) амаҵура иеиҭоит иагьамихуеит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны анагӡаратә мчра ахадацәа;
17) дрыхәаԥшуеит анагӡаратә мчра аусбарҭақәа реиҿкаареи русушьеи рызҵаарақәа;
18) аминистррақәа, аусҳәарҭақәа, араионқәа, ақалақьқәа рхадацәа, иара убас аҭыԥантәи ахаланапхгара рынҵақәа аԥихуеит, урҭ Аԥсны Аконституциеи азакәанԥҵареи ирҿагылозар;
19) ирылеиҳәоит ареферендум ихаԥшьгарала, Жәлар Реизареи Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбареи рыдҵала, азакәан ишаҳәо инақәыршәаны;
20) Жәлар Реизарахь инеигоит атәылаҿы ҭагылазаашьас иҟоуи, Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәеи ртәы зҳәо есышықәсатәи анашьҭымҭақәа, инеигоит аҳәынҭқарратә биуџьетӡбатәқәеи, уи анагӡара иазку аҳасабырбеи;
21) азин имоуп Жәлар Реизара изаамҭаным аилатәарақәа рааԥхьара;
22) иӡбоит азакәан инақәыршәаны Аԥсны атәылауаҩра азҵаарақәа;
23) иалиршоит ахара анажьра;
24) иранеишьоит аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, ириҭоит аҳаҭыртә, арратә иара убас и3ыдоу ахьыӡлкаақәа;
25) ишьақәиргылоит астандартқәа, аеталонқәа, акапанреи ашәага-загеи ракқәа;
26) инеигӡоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи идырҵо егьырҭ азинмчхарақәа.
АХӘҬАҶ 54. Аԥсны Ахада дицалырхуеит уи Ихаҭыԥуаҩгьы. Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ икандидатура ықәиргылоит Аԥсны Ахада иҭыԥ ахь кандидатс иҟоу.
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩыс далхзар ҟалоит алхра азин змоу, 3џ-шықәса иреиҵам, қџ-шықәса иреиҳам Аԥсны атәылауаҩ.
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ, изинмчхарақәа неигӡонаҵы, аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә хеидкылақәеи иҽрылаирхәуам.
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Жәлар Реизара дадепутатӡам, иарбанзаалак егьырҭ аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усбарҭақәа ирыҵаркуа маҵурак дахагылар ҟалом, аиҿырцааратәқәагьы налаҵаны.
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ ианашьахоит иџьабааԥса, уи иазыԥҵәоу аамҭақәа инарықәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟнытә.
АХӘҬАҶ 55. Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Аԥсны Ахада идҵала инаигӡоит уи инапынҵақәак, Аԥсны Ахада диԥсахуеит, уи даныҟам ма иусқәа рынагӡара анилымшо.
АХӘҬАҶ 56. Атәыла зегьы аҿы анагӡаратә мҩаԥгатәқәа азеиԥш хылаԥшра рыҭаразы Аԥсны Ахада Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара напхгара азиуеит.
Аминистрцәа Реилазаара шьақәиргылоит Аԥсны Ахада, уи иара инапаҵаҟагьы иҟоуп.
Аминистрцәа Реилазаара иалахәуп Аԥыза-министр, Аԥыза Ихаҭыԥуаа, Аминистрцәа, закәанла иазгәаҭоу егьырҭ амаҵурауаа.
АХӘҬАҶ 57. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишынеибаку ма уи иалахәу џьоукы рмаҵура ааныжьра азин рымоуп.
Амаҵура ааныжьра Аԥсны Ахада иҿаԥхьа иқәдыргылоит. Уи азин имоуп идикылар ма мап ацәикыр.
АХӘҬАҶ 58. Аԥсны Жәлар Реизара Аминистрцәа Реилазаара иалоу руаӡәк иахь агәрамгара аанарԥшыр, усҟан уи азҵаара Аԥсны Ахада иҿаԥхьа иқәнаргылар алшоит. Азҵаара ҵыхәаԥҵәала изыӡбогьы Аԥсны Ахада иоуп.
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аиҿкаареи аусуреи ҳәаақәҵахоит конституциатә закәанла.
АХӘҬАҶ 59. Аԥсны Ахада изинмчхарақәа рхархәара залшом Аконституциатә шьақәгылашьа аԥсахразы, закәанла иалху егьырҭ аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа реимырпразы ма русура аанкыларазы.
АХӘҬАҶ 60. Аԥсны Ахада, иара изинмчхарақәа рҳәаақәа дырҭымҵкәа, аус зуа азакәанԥҵара ашьаҭала, насгьы уи анагӡарала иҭижьуеит Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо амч змоу аусԥҟақәеи адҵақәеи.
АХӘҬАҶ 61. Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи ирықәымшәо Аԥсны Ахада иқәҵарақәа аԥыхзар ҟалоит Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбара ақәҵарала.
АХӘҬАҶ 62. А3ыда ҭагылазаашьеи, аԥсабаратә рыцҳарақәеи, аибашьрақәеи раан Аԥсны Ахада азин имоуп иҭижьыр азакәан мчы змоу, хымԥада иаарласӡаны инагӡатәу, иара убри аамҭазыҵәҟьа Жәлар Реизарахь инацҳатәу ақәҵарақәа.
АХӘҬАҶ 63. Аԥсны Ахада ихаҭара лакьысра ақәым. Аԥсны Ахада ихьӡ-иԥшеи иаҳаҭыри азакәан иахьчоит.
АХӘҬАҶ 64. Аԥсны Ахада иҭоубеи, Аконституциеи, Аԥсны азакәанқәеи еилеигар, имаҵура дамхзар алшоит.
Абри аҩыза ақәҵара аднакылоит Аԥсны Жәлар Реизара, Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбара аихшьала шьаҭас иҟаҵаны, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә ахԥа рыҩхәҭак ирыҵаркуа еиҳау бжьыла, маӡа бжьыҭирала.
АХӘҬАҶ 65. Аԥсны Ахада ианааиҭаху аамҭазы имаҵура аанижьыр илшоит. Имаҵура ааныжьра азҵаара аӡбоит Аԥсны Жәлар Реизара. Аӡбара рыдыркылоит ахԥа рыҩхәҭак ирыҵаркуа абыжьқәа рыла.
АХӘҬАҶ 66. Аԥсны Ахада дамырхыр, иԥсҭазаара далҵыр, имаҵура нижьыр ма изинмчхарақәеи иусқәеи рынагӡара илымшар, урҭ иусқәа ыиасуеит Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ иахь. Аԥсны Ахадагьы, уи Ихаҭыԥуаҩгьы рмаҵура иамырхыр, иԥсыр, рмаҵура аанрыжьыр, ма Аԥсны Ахада иусқәа рынагӡара рылымшар, урҭ аусқәа ыиасуеит Аԥсны Аԥыза-министр иахь. Аԥсны Ахада иусқәа рынагӡара ари ахәҭа3 аҿы еиқәыԥхьаӡоу аӡәгьы илымшар, урҭ аусқәа ыиасуеит Жәлар Реизара Аиҳабы иахь.
АХӘҬАҶ 67. Аԥсны Ахада иусқәа назыгӡо ауаҩы изинмчхарақәа амч рымоуп, Аԥсны Ахада иусқәа рынагӡара илзмыршо амзызқәа аԥыххаанӡа, ма Аԥсны Ахада ҿыц далырхаанӡа.
Аԥсны Ахада ҿыц иалхрақәа мҩаԥгахароуп хымыз рыҩнуҵҟала. Убысҟан Аԥсны Ахада иусқәа назыгӡо азин имаӡам ареферендум рылаҳәара, Аԥсны Аконституциа арҽеирақәеи аиҭахәаԥшреи ирызку ажәалагалақәа рықәыргылара.
АХӘБАТӘИ АХЫ. АӠБАРАТӘ МЧРА
АХӘҬАҶ 68. Азинӡбара Аԥсны иназыгӡо аӡбара мацароуп.
Анхамҩатә еимакрақәа еилнаргоит Аиныршәаратә ӡбара.
Аӡбареиҿкаара Аԥсны ишьақәыргылахоит конституциатә закәанла.
АХӘҬАҶ 69. Ӡбаҩцәас иҟалар рылшоит 27-шықәса зхыҵыз, иреиҳаӡоу азинҵара иалгахьоу, азинтә занааҭла хәы-шықәса иреиҵамкәа аусура аԥышәа змоу Аԥсны атәылауаа. Аԥсны Аиныршәаратә ӡбара Аиҳаби уи аӡбаҩцәеи алнахуеит Аԥсны Жәлар Реизара Аԥсны Ахада иажәалагалала.
АХӘҬАҶ 70. Аӡбаҩ иусқәа рынагӡара иалеигӡар ҟалом иарбанзаалак даҽа ҳәынҭқарратә маҵурак ма аџьаԥса зхыршәаауа иарбанзаалак усурак, арҵаҩратә, анаукатә, арҿиаратә усурақәа ракәымзар.
Аӡбаҩцәа иазалху аҿҳәарақәа рзы иранаршьоит рџьабааԥса аԥара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟнытә.
АХӘҬАҶ 71. Аӡбаҩцәа алырхуеит хәы-шықәса ҿҳәарас ирыҭаны. Аӡбаҩцәа лакьысра рықәым, ихьыԥшым, Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи роуп знапаҵаҟа иҟоу.
Аӡбаҩ ашьауӷатә ҭакԥхықәра идҵара залшом закәанла иҳәаақәҵамкәа.
Аӡбаҩ изинмчхарақәа имхра ма раанкылара залшом, закәанла ишьақәыргылоу ҵаҵӷәык амамкәа.
АХӘҬАҶ 72. Аусқәа реилыргара аӡбарақәа зегьы рҟны иаартны имҩаԥысуеит, закәанла ишьақәыргылоу хҭысқәак ианрыхәаԥшуа ада.
Аӡбарарҿиара мҩаԥысуеит иалахәу наҟ-ааҟ реиндаҭлареи зинла реиҟарареи шьаҭас иаманы.
АХӘҬАҶ 73. Аԥсны аӡбаратә мчра иреиҳаӡоу усбарҭас иамоуп Иреиҳаӡоу Аӡбара.
Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбара4
1) ирыхәаԥшуеит аусқәа Аԥсны Ахадеи, Жәлар Реизареи, иара убас аҳәынҭқарратә мчра егьырҭ аусбарҭақәеи ма аҭыԥантәи ахаланапхгара усбарҭақәеи ирыдыркылаз ақәҵарақәа Аконституциа рақәшәареи рақәымшәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегьы рыла;
2) ирыхәаԥшуеит аҳәынҭқарреи аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәеи рыбжьара ицәырҵуа аимакқәа ирыдҳәалоу аусқәа;
3) ирыхәаԥшуеит алхрақәа рылҵшәақәеи алхрақәа рымҩаԥгашьеи ирызку аусқәа;
4) азин амоуп иаӡбар иарбанзаалак аимакқәа, мамзаргьы агәаанагара аҳәар Аконституциа иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкны;
5) имҩаԥнагоит ашьауӷатә, атәылауаҩратә, анапхгаратә ӡбарарҿиара;
6) Аԥсны аӡбарақәа зегьы ирыӡбаз аусқәа азакәан рақәшәара иашьклаԥшуеит;
7) аӡбарақәа зегьы ирнаҭоит аусӡбаратә еиҿкаарақәа раан изықәныҟәаша анапхгаратә еилкаарақәа.
АХӘҬАҶ 74. Аԥсны аӡбарақәа рықәҵарақәа шьҭырхуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала.
АХӘҬАҶ 75. Аԥсны Апрокурор Хадеи уи инапаҵаҟа иҟоу апрокурорцәеи4
ацәгьауратә усқәа реилыргара азакәан иахьынӡақәшәо иашьклаԥшуеит;
иадгылоит аҳәынҭқарратә харадҵара аӡбараҿы;
аӡбара иаларгалоит Аԥсни уи атәылауааи рыхьчара иазку ашшыԥхьыӡқәа;
аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи, амаҵурауааи закәандарала еиқәдыршәаз анҵақәа раԥыхра ма рыриашара азҵаара ықәдыргылоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура аусбарҭақәа ирымоуп иаку аилазаара, урҭ рзинмчхарақәа мҩаԥыргоит иарбанзаалак даҽа мчрақәак ирхьыԥшымкәа.
АХӘҬАҶ 76. Аԥсны Апрокурор Хада имаҵура иаҭареи иамхреи мҩаԥнагоит Аԥсны Жәлар Реизара Аԥсны Ахада иажәалагалала.
Егьырҭ апрокурорцәа рмаҵура иеиҭоит Аԥсны Апрокурор Хада.
АХӘҬАҶ 77. Апрокуратура аусбарҭақәа рзинмчхарақәеи, реиҿкаареи, русуреи ҳәаақәнаҵоит азакәан.
АФБАТӘИ АХЫ. АҬЫԤАНТӘИ АХАЛАНАПХГАРА
АХӘҬАҶ 78. Аҭыԥантәи ахаланапхгара мҩаԥгахоит араионқәеи ақалақьқәеи, егьырҭ аиланхарҭақәеи рыҟны.
АХӘҬАҶ 79. Аҭыԥантәи ахаланапхгара атәылауаа имҩаԥыргоит рхатәгәаԥхара ишиашоу аиҭаҳәарала ма аҭыԥантәи ахаланапхгара алхратә усбарҭақәа рыла.
Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рыҟны анагӡаратә мчрақәа рхадацәа Аԥсны Ахада иалихуеит аҭыԥантәи ахаланапхгара аилазаараҟнытә.
Аҭыԥантәи ахаланапхгара аилазаара аиҿкаареи азинмчхарақәеи шьақәыргылахоит закәанла.
АХӘҬАҶ 80. Аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа ишьақәдыргылоит аҭыԥантәи абиуџьет, аҭыԥантәи ашәахтәқәеи, аԥаралхрақәеи рнапаҿы иҟоуп, ишырҭаху рхы иадырхәоит аҭыԥантәи амал, ирыхьчоит ауаажәларратә еиҿкаара, иҳәаақәырҵоит дара рыҩнуҵҟатә еилазаара, иара убас ирыӡбоит аекономикатә, асоциалтә уҳәа дара рҳәаақәа ирҭаӡо, егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәак ирыҵарымкуа азҵаарақәа.
АХӘҬАҶ 81. Абри Аконституциеи азакәанқәеи рыла ишьақәыргылоу аҭыԥантәи ахаланапхгара азинқәа рыԥкра аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ирылшом. Аҭыԥантәи ахаланапхгара закәанла имҩаԥнаго аусқәа аҽрылагалара залшом.
АХӘҬАҶ 82. Аҭыԥантәи ахаланапхгара усӡбарала ахыхьчара иақәиҭуп, азинмчхарақәа ахы иақәиҭны, ԥықәсларада имҩаԥнагаларц азы.
АБЫЖЬБАТӘИ АХЫ. АКОНСТИТУЦИАТӘ РИАШАРАҚӘЕИ АКОНСТИТУЦИА АИҬАХӘАԤШЫШЬАҚӘЕИ
АХӘҬАҶ 83. Аԥсны Аконституциа аиҭахәаԥшреи ариашареи рызҵаарақәа рықәыргылара рылшоит Аԥсны Ахада, Аԥсны Жәлар Реизара, Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбара, Аԥсны Апрокурор Хада.
АХӘҬАҶ 84. Аԥсны Аконституциа ариашарақәа рыдыркылоит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟнытә ахԥа рыҩхәҭак ирыҵаркуа абжьқәа рыла.
Азхьарԥшқәа
Конституция Абхазии
Поправки о местном самоуправлении (2016)
Поправка к главе 2 (2016)
Аԥсны |
2245 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9A%D1%83%D1%80%D0%B8%D1%82%D0%B8%D0%B1%D0%B0 | Куритиба | Курити́ба () — ақалақь Бразилиаҟны ауп.
Азхьарԥшқәа
Web Куритиба
http://www.curitiba-brazil.com
Азгәаҭақәа
Бразилиа ақалақьқәа |
2271 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D0%B0%D0%B8%D2%9F%D3%99%D0%B0%D4%A5 | Маиҟәаԥ | Маиҟәаԥ (, ) — Адыгатәыла иаҳҭнықалақьуп.
Адыгатәыла ақалақьқәа |
2293 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A8%D3%99%D0%B0%D1%87%D0%B0 | Шәача | Шәача () — Урыстәыла ақалақь.
Ахьарԥшқәа
Урыстәыла ақалақьқәа |
2305 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%9A%D0%B0%D1%80%D2%AD | Қарҭ | Қарҭ ( [Ҭбилиси] — «аӡырԥха» иаанагоит) – Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратеи аҳҭнықалақьыуп.
Аланхо
Агалериа
Азхьарԥшқәа
Мэрия города Тбилиси
Символика, история, информация и многое другое о Тбилиси
Тбилиси в энциклопедии «Кругосвет»
Путеводитель «Тифлисъ и его окрестности» 1913 год
Азгәаҭақәа
Қырҭтәыла ақалақьқәа
Аҳҭнықалақьқәа |
2307 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9A%D1%83%D1%80%D1%83%D0%B2 | Курув | Курув (, ) — Польша ақыҭа.
Польша ақыҭақәа |
2310 | https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%9A%D3%99%D2%AD%D0%B5%D1%88%D1%8C | Қәҭешь | Қәҭешь () — уажәы Қырҭтәыла иҟоу ақалақь, Имереҭи агәы.
Азгәаҭақәа
Қәҭешь
Қырҭтәыла ақалақьқәа
Имереҭи |
Dataset Card for Wikimedia Wikipedia
Dataset Summary
Wikipedia dataset containing cleaned articles of all languages.
The dataset is built from the Wikipedia dumps (https://dumps.wikimedia.org/) with one subset per language, each containing a single train split.
Each example contains the content of one full Wikipedia article with cleaning to strip markdown and unwanted sections (references, etc.).
All language subsets have already been processed for recent dump, and you can load them per date and language this way:
from datasets import load_dataset
ds = load_dataset("wikimedia/wikipedia", "20231101.en")
Data Visualization
Click the Nomic Atlas map below to visualize the 6.4 million samples in the 20231101.en
split.
Supported Tasks and Leaderboards
The dataset is generally used for Language Modeling.
Languages
You can find the list of languages here: https://meta.wikimedia.org/wiki/List_of_Wikipedias
Dataset Structure
Data Instances
An example looks as follows:
{'id': '1',
'url': 'https://simple.wikipedia.org/wiki/April',
'title': 'April',
'text': 'April is the fourth month...'
}
Data Fields
The data fields are the same among all configurations:
id
(str
): ID of the article.url
(str
): URL of the article.title
(str
): Title of the article.text
(str
): Text content of the article.
Data Splits
All configurations contain a single train
split.
Dataset Creation
Curation Rationale
[More Information Needed]
Source Data
Initial Data Collection and Normalization
The dataset is built from the Wikipedia dumps: https://dumps.wikimedia.org
You can find the full list of languages and dates here: https://dumps.wikimedia.org/backup-index.html
The articles have been parsed using the mwparserfromhell
tool.
When uploading the data files for the 20231101 dump, we noticed that the Wikimedia Dumps website does not contain this date dump for the "bbc", "dga", nor "zgh" Wikipedias. We have reported the issue to the Wikimedia Phabricator: https://phabricator.wikimedia.org/T351761
Who are the source language producers?
[More Information Needed]
Annotations
Annotation process
[More Information Needed]
Who are the annotators?
[More Information Needed]
Personal and Sensitive Information
[More Information Needed]
Considerations for Using the Data
Social Impact of Dataset
[More Information Needed]
Discussion of Biases
[More Information Needed]
Other Known Limitations
[More Information Needed]
Additional Information
Dataset Curators
[More Information Needed]
Licensing Information
Copyright licensing information: https://dumps.wikimedia.org/legal.html
All original textual content is licensed under the GNU Free Documentation License (GFDL) and the Creative Commons Attribution-Share-Alike 3.0 License. Some text may be available only under the Creative Commons license; see their Terms of Use for details. Text written by some authors may be released under additional licenses or into the public domain.
Citation Information
@ONLINE{wikidump,
author = "Wikimedia Foundation",
title = "Wikimedia Downloads",
url = "https://dumps.wikimedia.org"
}
- Downloads last month
- 54,679